Новости

Аҧсны Абанк амонетақәа акаталог KRAUSE аҟны

12-11-2018 13:02

Раҧхьаӡакәны Аҧсны аҭоурых аҟны Аҧсны Абанк амонетақәа Америкатәи аҭыжьырҭа Krause Publications Адунеи амонетақәа рыстандарттә каталог ианҵоуп. 

Ижәытәӡатәиу анумизматикатә каталог Краузе ҭыҵуеит есышықәса 1952 ш. инаркны ЕАА (США) рыҟны, иагьанылоит адунеи атәылақәа зегьы рмонетақәа ирызку аинформациа неиҵыхны. 2001 ш. инаркны иахьа уажәраанӡа иҭыжьу амонетақәа зынҵоу Адунеи амонетақәа рыстандарттә каталог  2019 шықәсазы уи аҧхьатәи адаҟьақәа ирнылеит Аҧсны Абанк амонетақәа. Аҧсны Абанк аемиссиатә усура иазку аинформациа инаҷыданы акаталог иануп ҳтәыла аҭоурыхи акультуреи ирызку аинформациа, иара убас ажәытәӡатәи Аҧсны адгьылҵакыраҟны аҧара еикәшара аҭоурых, иаарҧшуп аҧсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылара аамҭақәа, иануп ҳазҭагылоу аамҭазтәи Аҧсны ахсаала. 

Акаталог ахәҭак аелекторнтә хкы ахҩылаара ҟалоит ара.

Акаталог адаҟьақәа рфото: