Новости

Аҧсны Абанк амонетақәа рсиа кьыҧхьуп амонетақәа жәларбжьаратәи ркаталог аҿы

11-08-2016 14:54

235 тәыла инареиҳаны рҟынтәи 137 нызқьҩык аколлекционерцәа еидызкыло иреиҳаӡоу жәларбжьаратәи асаитқәа иреиуоу “Colnect” акьыҧхь ахь ицәырнагеит Аҧсны Абанк агәаларшәагатәи аинвестициатәи монетақәа ихарҭәаау рсиа.

Асаит аҟны ицәыргоуп Европа, Африка, Азиа, Америка, Австралиа ртәылақәа рҟынтәи антикатәи аамҭақәеи абжьаратәи ашәышықәсақәеи инадыркны иахьатәи амшқәа рҟынӡа ирыҵаркуа амонетақәа реизга.

Аҧсны Аҳәынҭқарра амонетақәа цәыргоуп хазы игоу каталогны, уи иагәылоуп 49 монета, рыцыҧхьаӡа рҷыдарақәа нхарҭәааны ирыцны. Иҵегьы инарҭбаау аинформациа шәоур шәылшоит анаҩсантәи амҩақәҵагаҟны.