Новости

Аҧсны Абанк Апресс-релиз

01-04-2020 17:16

Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны коронавирустә ҿкы COVID-19 алаҵәара аҧырҟәҟәаара иазкны аҷыдалкаатә ҭагылазаашьа аҧҵара инамаданы, Аҧсны Абанк ауаҩытәҩсатә хаҿы ауалафахәы, атәанчахәы мамзаргьы есқьынагьтәи даҽа хашәалак изшәара аанкылара иахҟьаны ақьырагаҩ ифинанстә ҭагылазаашьа анеицәаха, ма аиҿкаарақәеи хаҭалатәи анаплакҩцәеи рзы аусура аҧкра аныҟала, ареспублика акредиттә еиҿкаарақәа ирабжьнагоит ус иҟоу ақьырагаҩ иуал аиҭахәаҧшра, иара убас ахараҧсатә санкциақәа рхараҧсақәа рыҿҳәара мап ацәкра. Убри аан акредиттә еиҿкаарақәа ақәиҭуп:

  • хыхь иарбоу акредитқәа еиҭарыхәаҧшуп ҳәа разхамҵара 2020 шықәса рашәарамза 30-нӡа арезервқәа раҧҵаразы, иазгәаҭоу акредитқәа рыла изхыҧахьоу ауалқәа рыҿҳәара 2020 шықәса мшаҧымза 1 азы 30 мшы иреиҳамхацзар;
  • 2020 шықәса рашәарамза 30-нӡа ақьырагаҩ ифинанстә ҭагылазаашьа ахәшьара аицәамхаразы азыӡба адкылара, арҧсахымҭақәа рыла ацәыӡ ҟалар ззауа азы арезервқәа раҧҵаразы, ақьырагаҩ ифинанстә ҭагылазаашьа аҷыдалкаатә ҭагылазаашьа аналагалаха ашьҭахь акәзар ианеицәаха.