Новости

Аҧсны Абанк Апресс-релиз

11-06-2020 22:39

Ҳазҭагылоу аамҭазы адезинформациа рыларҵәоуп Аҳәынҭқарратә еилахәыра «Аҧсныбылтәы» Гәдоуҭатәи анефтебаза акредит аҭара инамаданы. Аҧсны Абанк ахь иааиз амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәа рганахьала азыҳәамҭа иазкны алада иарбоу ацҳамҭа ҟаҳҵоит.  

«Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк (Аҧсны Абанк) азы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭ. 35 инақәыршәаны, Аҧсны Абанк аҧара-кредиттә политика амыруга хадақәа ируакуп акредиттә еиҿкаарақәа афинансрзоужьра (акоммерциатә банкқәа акредитқәа рыҭара).

Аҧсны Абанк, Аҧсны Аҳәынҭқарра акоммерциатә банкқәа рыдҵааларақәа аҧара-кредиттә политика нагӡо, атәыла абанктә система арҿиареи арҕәҕәареи хықәкыс иҟаҵаны, иааиҧмырҟьаӡакәа урҭ акредитқәа аунажьуеит.  

Аҧсны Абанк имҩаҧнаго афинасзоужьратә кредитқәа акоммерциатә банкқәа рхы иадырхәароуп анаҩс дара рыклиентцәа – аиуристтәи хаҭалатәи анаплакҩцәеи кредитла реиқәыршәаразы. Убри аан арҭ ахархәагақәа ауаҩытәҩсатә хаҿқәа кредит ҳасабла рыҭара ҟалаӡом.    

2015 шықәса жьҭаарамзазы  КБ «Сухум-Банк» Аҧсны Абанк ашҟа идҵаалеит акредит аҳәаразы анаҩс иара аклиент – аҳәынҭқкарратә еилахәыра «Аҧсныбылтәы» Гәдоуҭатәи анефтебаза акредит азоужьразы.   

2015 шықәса жьҭаарамза 26 рзы Аҧсны Абанки КБ «Сухум-Банки» ирыбжьаҵан абанкбжьаратә кредит азы (акредит азоужьразы) аиқәшаҳаҭра №125/р-15, 40 млн мааҭ ираҟараны 2017 шықәса абҵарамза 28-нӡа ҳәа. Ишьақәырҕәҕәоу аграфик инақәыршәаны, КБ «Сухум-Банк» есымзатәи акредит ашәара иаҿын. 

2017 шықәса абҵарамзазы КБ «Сухум-Банк» ахыдҵақәа зегьы нанагӡеит Аҧсны Абанк ахь 40 млн мааҭ архынҳәразы. Иара убас Аҧсны Абанк процент ҳасабла ахашәала аиуит 7 164 036 мааҭ ираҟараны.