Новости

Аҧсны Абанк иҭнажьит "Аҧсны аҧареикәшара аҭоурых" захьӡу ашәҟәы

24-10-2019 10:40

Аҧсны Абанк аҧшьгареи афинанстә дгылареи рыла 2019 шықәса жьҭаарамзазы акьыҧхь ахь иҭыҵит ашәҟәы «Аҧсны аҧареикәшара аҭоурых». Ашәҟәы авторцәас иамоуп - Асҭамыр Гьаргь-иҧа Ҭаниеи Ибрагим Мегон-иҧа Ҷкадуеи, аҧхьажәа иҩит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Сергеи Мирон-иҧа Шамба. Аҭыжьымҭа атираж  500 цыра ыҟоуп.

Ашәҟәы аҭоурыхтә Аҧсны адгьылҵакыраҟны  ҳ.ҟ. VI ашә. инаркны ҳазҭагылоу аамҭа аҟынӡа ахронологиатә хҳәаа ала ишьақәгылоуп. Хқәак рыҟны иаагоуп антикатәи, абжьарашәықәсазтәи, Османтәи, Урыстәылатәи, асоветтә аамҭазы Аҧсны иныҟәоз аҧаратә дыргақәа ирызку аинформациа. Иара убас ашәҟәы аҟны иалкааны хык  ихьыҧшым Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны аҧареикәшареи Аҧсны Абанк аемиссиатә усуреи ирызкуп.

Ашәҟәы Аҧсны иахьаҵанакуа аҧара аикәшара азеиҧш сахьа ашьақәыргыларазы алшара инаҭоит. Уи ажәытәи аҿатәи акрызҵазкуа сегментк аҳасабала аҧара аҭоурых, Аҧсны анумизматикеи абонистикеи рызхьарҧша иазкуп.    

Аиллиустрациақәа.