Новости

Аҧсны Аҳәынҭқарра Абанктә система 2022 шықәса актәи азбжазы аусура алҵшәақәа

12-09-2022 15:23

Аҧсны Аҳәынҭқарра Абанктә система 2022 шықәса актәи ашықәсбжа хнаркәшеит иҵоуроу афинанстә лыҵшәақәа рыла, уи иартәеит 68,6 млн мааҭ (2021 шықәса 1-тәи ашықәсбжазы афинанстә лыҵшәа ҵоурамызт, уи иартәеит -32,0 млн мааҭ.).

Иазгәаҭатәуп, акредиттә еиҿкаарақәа 11 рахьтә  2022 шықәса актәи ашықәсбжа аиҿкаарақәа 4 ишыхдыркәшаз иҵоуроу афинанстә лыҵшәақәа рыманы, рзеиҧш еицҵалыҵ иартәеит 96,8 млн. мааҭ.  Егьырҭ акредиттә еиҿкаарақәа русура шзаралызгьы, (-28,1 млн мааҭ), 2022 шықәса 1-тәи ашықәсбжазы абанктә сектор азеиҧш финанстә лыҵшәа иартәеит +68,6 млн. мааҭ.

Иазгәаҭатәуп, Аҧсны Абанк афинанстә зҩыдатәразы аусмҩаҧгатәқәа ахьымҩаҧнаго акредиттә еиҿкаарақәа рыҟны (Аҧсны Аҵәахырҭатә банк Сбербанк Абхазии (ИАУ), АБ «Сухум- Банк») урҭ рфинанстә лыҵшәақәа акырӡа ишеиӷьыртәыз. Иааизакны урҭ рзаралра аҳасабырбатә аамҭахҵәахаан ҵыҧхтәи ашықәс иадкыланы 80,5% рыла еиҵахеит.

2022 шықәса ҧхынгәымза 1 азы 2021 шықәса ҧхынгәымза 1 иаҽырҧшны иаагозар,   акредиттә еиҿкаарақәа еизаку рбаланс авалиута иазҳаит 29,7% иагьартәеит    17 770,3 млн. мааҭ.

Акредиттә еиҿкаарақәа реилазаараҟны иалкаатәуп 2022 шықәса ҧхынгәымза 1 азы акредиттә еиҿкаарақәа зыхәҭааҟны акредиттә лагаламҭақәа еизаку рбаланс 28,9 % артәо.

 Урҭ рышәагаа 2022 шықәса ҧхынгәымза 1 азы 2021 шықәса ҧхынгәымза 1 иаҿырҧшны иазҳаит 23,3%, иагьартәеит 5 136,3 млн мааҭ.

Иазгәаҭатәуп 2022 шықәса 1-тәи ашықәсбжазы акредиттә еиҿкаарақәа ауаҩытәҩсатә хаҿқәеи аиуристтә хаҿқәеи ишрырҭаз 6 642 кредит уи азеиҧш еицҵалыҵ иартәеит 2 158,9 млн мааҭ. Бжьаратәла икапану апроценттә зыҧҵәа иартәеит  шықәсыктәи 23,4%.

Убри аан, 2022 шықәса 1-тәи ашықәсбжазы акредиттә еиҿкаарақәа иадрыҧхьалеит зыҧшра зымуа адепозитқәа ззеиҧш еицҵалыҵ иартәаз 998,9 млн мааҭ. Акредиттә еиҿкаарақәа 2022 шықәсазы ишьақәдыргылаз апроценттә зыҧҵәақәа адепозитқәа рыла идыртәеит  6% инаркны 18% рҟынӡа, алагаламҭа аҿҳәара иаҽырҧшны.