Новости

Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны абанктә картақәа русура иазкны

28-03-2022 13:26

Жәларбжьаратәи ашәатәы системақәа (Visa, MasterCard) ирыҵаркуа абанктә картақәа Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны  рымаҵ аура инамаданы иҟалар зуа апроблемақәа рыцәцаразы, Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк атәылауааи ҳтәыла иаҭаауа асасцәеи ирабжьнагоит «АҦРА» акартақәеи урыстәылатәи амилаҭтә шәатәы система “Мир”-и ркартақәа.

Урыстәылатәи абанкқәа иҭрыжьыз ашәатәы система “Мир” акартақәа зегьы Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны ҧкрада хархәара рыҭахоит, урыстәылатәи амилаҭтә шәатәы система “Мир” акартақәа зку аоперациақәа мҩаҧыргалар рылшоит   абанкоматқәа рыҟны, иара убас атауарқәеи амаҵзурақәеи рыхәҧса ашәаразы -атәыла ахәаахәҭра-маҵзуратә наплакқәа рыҟны.