Новости

Аԥсны Аҳәынҭқарра абанктә система 2022 шықәсазтәи аусуразы аинформациа

07-02-2023 15:23
1. Абанктә система 2022 шықәсазтәи аусураафинанстә лҵшәа. 

Акредиттә еиҿкаарақәа 2022 шықәсазы еизаку рфинанстә лҵшәа (аҳасабеилыргаратә хашәала) иартәеит 77,9 млн мааҭ. 2021 шықәса иаҿырԥшны 2,3 –нтәы иазҳаит (43,3 млн мааҭ.рыла).

 Акредиттә еиҿкаарақәа 2021-2022 шш. рфинанстә лҵшәа  (млн.мааҭла) (ахашәала/ацәыӡ)  

Акредиттә еиҿкаарақәа

2021 ш. акредиттә лҵшәа

2022 ш. афинанстә лҵшәа

Аԥсны Аҵәахырҭатә банк 

2,4

16,6

АкБ "Гарант-Банк"

52,2

30,6

АкБ "Универсал банк"

12,8

29,8

АкБ "Амра-банк"

15,6

33,2

АкБ "КИБИТ- Банк"

12,2

1,0

АкБ "Аҟәа-Банк"

-41,4

-0,04

ЖӘАР абанк Аԥсны

4,0

41,9

АкБ "Аҿиаразы Амшынеиқәатәи абанк"

-8,1

-40,6

ИАУ "Аврора Банк"

-2,9

-22,4

АкБ "Гагра-Банк"

-11,8

-11,7

АИАЕ "Очамчыра"

-0,5

-0,5

ЗЕГЬЫ

34,6

77,9

2. 2022 шықәсазтәи акредиттәразы арбагақәа

2022 шықәсазы убартә иҟоуп аекономика асубиектқәеи атәыла ауааԥсыреи акредит рыҭара апроцесс активла ишымҩаԥсыуаз – 13 965 кредит рыҭан, уи азеиԥш еицҵалыҵ  иартәеит 4,1 млрд мааҭ, урҭ рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп ауаҩытәҩсатә хаҿқәа рзы - 13 474 кредит, уи азеиԥш еицҵалыҵ  иартәеит 1,8 млрд мааҭ, аиуристә хаҿқәа - 262 кредит, азеиԥш еицҵалыҵ  иартәеит 1,9 млрд мааҭ., хазхаҭалатәи анаплакҩцәа рзы - 205 кредит, азеиԥш еицҵалыҵ  иартәеит 0,4 млрд мааҭ. Бжьаратәла апроценттә зыԥҵәа акредитқәа рыла 2022 шықәсазы иартәеит шықәсыктәи 22,9%, 2021 шықәсазы ари арбага иартәеит 23,6%.

2022 шықәсазы ирыҭоу акредитқәа рзы арбагақәа

Аԥараԥсахҩцәа

 

Ирыҭоуп

 

 

Аицҵалыҵ (млн мааҭ.)

Ахыԥхьаӡара (ц.)

Ибжьаратәу % зыԥҵәа

Ауаҩытәҩсатә хаҿқәа  

1 761,1

13 474

27,4

Хазхаҭалатәи анаплакҩцәа

363,0

205

21,4

Аиуристә хаҿқәа

1 973,0

286

19,2

ЗЕГЬЫ

4 097,2

13 965

22,9


2022 шықәсазы акредиттә еиҿкаарақәа еизаку рыкредиттә шәыра иазҳаит 1,1 млрд мааҭ рыла. 2023 шықәса ажьырныҳәамза 1 азы иартәеит 5,7 млрд мааҭ.

Акредиттә еиҿкаарақәа еизаку рыкредиттә шәыраҟны иреиҳау ахәҭаа аҵанакуан аиуристтә хаҿқәа ирыҭоу акредитқәа – 41,3%. Урҭ рышәагаа аҳасабырбатә рыцхә аан иартәеит 2,4 млрд мааҭ.

Ауаҩытәҩсатә хаҿқәа ирыҵанакуа акредитқәа рышәагаа 2023 шықәса ажьырныҳәамза 1 азы иартәеит 2,1 млрд мааҭ. Ари 2022 шықәса алагамҭа абри аамҭазы иҟаз арбагақәа раасҭа 22,7 % рыла еиҳауп.

3. Ауаҩытәҩсатә хаҿқәа рдепозитқәа (ауааԥсыра рԥарашьҭаҵақәа)

Аауааԥсыра рзы абанкқәа рдепозиттә политика аманшәалара иабзоураны 2022 шықәсазы акредиттә еиҿкаарақәа ирылшеит ирццаку 1 076 депозит радԥхьалара, уи азеиԥш еицҵалыҵ иартәеит 2 млрд мааҭк. Ари иаҳәоит ауаԥсыра Аԥсны Аҳәынҭқарра абанктә система ашҟа ирымоу агәрагара ишазҳаз атәы.2022 шықәсазы ауаҩытәҩсатә хаҿқәа рдепозитқәа рыла ибжьаратәу апроценттә зыԥҵәа иартәеит 11,4%.

2023 шықәса ажьырныҳәамза 1 азы акредиттә еиҿкаарақәа еизаку рыкредиттә шәыра иартәеит 2,6 млрд мааҭ., ари 252,4 млн мааҭ рыла еиҳауп мамзаргьы 11% рыла еиҳауп 2022 шықәса алагамҭа аасҭа.

01.01.2023 ш. акредиттә еиҿкаарақәа рыҟны ауааԥсыра рыҟнытә аԥарашьҭаҵара

Абанк

Аицҵалыҵ

Аԥсны Аҵәахырҭатә банк

1 593,0

АкБ "Гарант-Банк"

427,3

АкБ "Универсал банк"

234,2

АкБ "Сухум-Банк"

86,9

Егьырҭ абанкқәа

215,8

Зегьы

2 557,2