Новости

Цәыббрамза 30 – Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымш азы – Аҧсны Абанк Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз рҭаацәеи 1 агәыҧ иаҵанакуа аинвалидцәеи 100 миллион мааҭк рзоунажьуеит альготатә кредит рыҭаразы

27-09-2021 15:49

Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк Аҧсны Аҵәахырҭатә банк иазоунажьуеит 2021 шықәса жьҭаарамза 4 рзы ихацыркхо альготатә кредит аҭара иазку апрограмма анагӡаразы.

Апрограмма хықәкыс иамоуп асоциалтә еиқәыршәара аусбарҭақәа рыҟны ашәҟәы иҭагалоу Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз рҭаацәеи 1 агәыҧ иаҵанакуа аинвалидцәеи адгылара рыҭара. 

Альготатә кредит иазыҧҵәоуп – шықәсыктәи 6%.

Иреиҵаӡоу акредит ашәагаа иартәар алшоит Аҧсны Аҵәахырҭатә банк ахь еиҧҟьарада инеиуа атәанчахәқәа 10 реицҵалыҵ. 

Альготатә кредит қьырала изго қәрала 70 шықәса дреиҳамзароуп, ахәдықәҵа ҟазҵо - 75 шықәса.

Альготатә кредит аиуразы инагатәуп абарҭ адокументқәа:

- Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ итәылауаҩшәҟәы; 

- иарбоу атәанчаҩцәа ркатегориа дшаҵанакуа шьақәзырӷәӷәо арҵабыргыга.