Новости

Иҭыжьуп ахархәаразы агәаларшәагатә монетақәа «Аҧсуа аамсҭа», «Аҧсуа ашьаҟауаҩ», «Аҧсуа ашьнаҟма», «Аҧсуа ҭауад»

21-01-2020 09:15

Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк алаҳәара ҟанаҵоит агәалашәаратә монетақәа «Аҧсуа аамсҭа», «Аҧсуа ашьаҟауаҩ», «Аҧсуа ашьнаҟма», «Аҧсуа ҭауад» аикәшараҟны ахархәаразы ишҭыҵыз азы.

1. Агәалашәаратә монета «Аҧсуа аамсҭа» 

Аметалл: Араӡны 925
Акапан: 150 г.
Атираж – 100 ц. ыҟоуп.
Асериа «Кавказ ажәларқәа рышәҵатәи рҳәаҭҳеи»
Акаталогтә номер: 0610020-001
Асахьаҭыхҩы: Џьапуа Б.Р.

Аверс. Аверс аҟны иануп XIX ашә. аҩбатәи азбжа иаҵанакуа  Д. И. Ермаков еицырдыруа ифотосахьа «Аҧсуа депутатцәа» аҟнытә аҧсуа еибашьцәа рсахьа. Армарахьтәи аган аҟны  иануп зымҵәыжәҩа еиҵыхны иҧыруа ауарбақәа 11 рыла ишьақәгылоу асолиартә (амра) дырга, уи аҵаҟа  аҧара ахаҿратә хәыҧса «20 аҧсар», арыцхә 2019. Арҕьарахьала ичаҧаны «Аҧсны Абанк» ҳәа аҩыра иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарра Агерб ануп. Амонета араӡны иалхны ичаҧоуп, аметалл акапан цқьа 5 унциак артәоит.
Ареверс. Амонета «Аҧсуа аамсҭа» зкәакьҭа иашоу зкәакьқәа хыргьежьаау зганқәа роура 42-еи 70 мм иҟоу клиппуп. Ахаҿратә ган аҟны агәҭаны иануп аҧшшәы змоу атампомҳәырла инагӡоу акәымжәы ауны изшәу, икаҳуаҧшшәылоу ахҭарҧа зхоу, ашьанҵа шәақь зыжәҩа икыду, аҟама зыҟәну аибашьҩы исахьа. Асахьа адекоративтә аҧсуа милаҭтә орнамент ала инагӡоу аҳәаақәа ирҭакуп, хыхь аҩырақәа ануп – аҧсуа, абаза ҳәа.

2. Агәалашәаратә монета «Аҧсуа Ашьаҟауаҩ»

Аметалл: Араӡны 925
Акапан: 150 г.
Атираж – 100 ц. ыҟоуп.
Асериа «Кавказ ажәларқәа рышәҵатәи рҳәаҭҳеи»
Акаталогтә номер: 0610020-002
Асахьаҭыхҩы: Џьапуа Б.Р.

Аверс. Аверс аҟны иануп XIX ашә. аҩбатәи азбжа иаҵанакуа  Д. И. Ермаков еицырдыруа ифотосахьа «Аҧсуа депутатцәа» аҟнытә аҧсуа еибашьцәа рсахьа. Армарахьтәи аган аҟны  иануп зымҵәыжәҩа еиҵыхны иҧыруа ауарбақәа 11 рыла ишьақәгылоу асолиартә (амра) дырга, уи аҵаҟа  аҧара ахаҿратә хәыҧса «20 аҧсар», арыцхә 2019. Арҕьарахьала ичаҧаны «Аҧсны Абанк» ҳәа аҩыра иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарра Агерб ануп. Амонета араӡны иалхны ичаҧоуп, аметалл акапан цқьа 5 унциак артәоит..
Ареверс. Амонета «Ашьаҟауаҩ» зкәакьҭа иашоу зкәакьқәа хыргьежьаау зганқәа роура 42-еи 70 мм иҟоу клиппуп. Ахаҿратә ган аҟны агәҭаны иануп аҧшшәы змоу атампомҳәырла инагӡоу ишьацҧшшәылоу акәымжәы кьаҿ зшәу, ахылҧарч қәацә зхоу, ауапа зшәу, ашьанҵа шәақь зыбҕа икыду, аҟама зыҟәну аибашьҩы. Асахьа  адекоративтә аҧсуа милаҭтә орнамент ала инагӡоу аҳәаақәа ирҭакуп, хыхь аҩырақәа ануп – аҧсуа, абаза ҳәа.

3. Агәалашәаратә монета «Аҧсуа ашьнаҟма» 

Аметалл: Араӡны 925
Акапан: 150 г.
Атираж – 100 ц. ыҟоуп.
Асериа «Кавказ ажәларқәа рышәҵатәи рҳәаҭҳеи»
Акаталогтә номер: 0610020-003
Асахьаҭыхҩы: Џьапуа Б.Р.

Аверс. Аверс аҟны иануп XIX ашә. аҩбатәи азбжа иаҵанакуа  Д. И. Ермаков еицырдыруа ифотосахьа «Аҧсуа депутатцәа» аҟнытә аҧсуа еибашьцәа рсахьа. Армарахьтәи аган аҟны  иануп зымҵәыжәҩа еиҵыхны иҧыруа ауарбақәа 11 рыла ишьақәгылоу асолиартә (амра) дырга, уи аҵаҟа  аҧара ахаҿратә хәыҧса «20 аҧсар», арыцхә 2019. Арҕьарахьала ичаҧаны «Аҧсны Абанк» ҳәа аҩыра иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарра Агерб ануп. Амонета араӡны иалхны ичаҧоуп, аметалл акапан цқьа 5 унциак артәоит.
Ареверс. Амонета «Ашьнаҟма»  зкәакьҭа иашоу зкәакьқәа хыргьежьаау зганқәа роура 42-еи 70 мм иҟоу клиппуп. Ахаҿратә ган аҟны агәҭаны иануп аҧшшәы змоу атампомҳәырла инагӡоу  икаҳуаҧшшәылоу акәымжәы кьаҿ зшәу, ахҭарҧа ахәа зхоу, ашьанҵа шәақь зҵаргәоу аҟамеи асеи рыла еиқәных игылоу аибашьҩы исахьа. Асахьа адекоративтә аҧсуа милаҭтә орнамент ала инагӡоу аҳәаақәа ирҭакуп, хыхь аҩырақәа ануп – аҧсуа, абаза ҳәа.

4. Агәалашәаратә монета «Аҧсуа ҭауад»

Аметалл: Араӡны 925
Акапан: 150 г.
Атираж – 100 ц. ыҟоуп.
Асериа «Кавказ ажәларқәа рышәҵатәи рҳәаҭҳеи»
Акаталогтә номер: 0610020-004
Асахьаҭыхҩы: Џьапуа Б.Р.

Аверс. Аверс аҟны иануп XIX ашә. аҩбатәи азбжа иаҵанакуа  Д. И. Ермаков еицырдыруа ифотосахьа «Аҧсуа депутатцәа» аҟнытә аҧсуа еибашьцәа рсахьа. Армарахьтәи аган аҟны  иануп зымҵәыжәҩа еиҵыхны иҧыруа ауарбақәа 11 рыла ишьақәгылоу асолиартә (амра) дырга, уи аҵаҟа  аҧара ахаҿратә хәыҧса «20 аҧсар», арыцхә 2019. Арҕьарахьала ичаҧаны «Аҧсны Абанк» ҳәа аҩыра иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарра Агерб ануп. Амонета араӡны иалхны ичаҧоуп, аметалл акапан цқьа 5 унциак артәоит.
Ареверс. Амонета «Аҧсуа ҭауад» зкәакьҭа иашоу зкәакьқәа хыргьежьаау зганқәа роура 42-еи 70 мм иҟоу клиппуп. Ахаҿратә ган аҟны агәҭаны иануп аҧшшәы змоу атампомҳәырла инагӡоу акәымжәы ауны изшәу, икаҳуаҧштәылоу ахҭарҧа зхоу, ашьанҵа шәақь зыжәҩа икыду, аҟама зыҟәну аибашьҩы исахьа. Асахьа адекоративтә аҧсуа милаҭтә орнамент ала инагӡоу аҳәаақәа ирҭакуп, хыхь аҩырақәа ануп – аҧсуа, абаза ҳәа.

Хәзмоу аметаллқәа ирылху Аԥсны Абанк агәаларшәагатә монетақәа аиуристтә хаҿқәеи хазы игоу ауааи иаархәар рылшоит Аԥсны Аҳәынҭқарра акредиттә еиҿкаарақәа рҿы.