Аҧсны агәаларшәагатә монетақәа

Гагра ақ. ахақәиҭтәра 20 шықәса ахыҵра

«1992-1993шш. рызтәи аҧсныжәлар рџьынџьтәылатә еибашьра» асериала иҭыжьу «Гагра ақ. ахақәиҭтәра 20 шықәса ахыҵра» захьӡу, 10 ҧсарк ицо араӡынтәы монета.

  • Каталожный номер0210010-002
  • Дата выпуска01.10.2012 ш.
Номинал Качество Металл, проба Кольцо/диск Масса общая, г. Содержание чистого металла не менее, г. Диаметр, мм Толщина, мм Тираж, шт.
10 ҧсарк Ҧруф-лаиқ Араӡны 925 33,94±0,31 31,1 39,0 3,3±0,35 500-нӡа

Аверс:

хыхьтәи агәҭа ахәҭа асаркьатә қәыҧшылараҟны Аҧсны Абанк агерб асахьа гәылганы иануп, уи аҵаҟа аҧсышәала иаҵаҩуп «Аҧсны Абанк» ҳәа, агерб аханы ихаргьежьны 10 ҧсарк, амонета арҕьарахьтәи аган аҿы иануп афирматә дыргеи аҧараҧҟарҭа ахьӡынҵеи, иара убас уаҟа иқәыргылоуп ахимиатә елементқәа Д.И. Менделеев Ипериодикатә система аҟнытә аметалл адыргеи аиларҭәа ахки. Амонета ҵаҟатәи ахәҭаҿы исаркьаркым ақәыҧшылареи иагәылгоу аҩырақәеи рҿы «Аҧсны Абанк» ҳәа шрифт ссала хә-цәаҳәакны иарбоу рҿы иақәҩуп аҭыжьра ашықәс «2012».

Реверс:

агәҭаны - ашьха «Мамзышьха» ақәыҧшылара дадубалоит ашәақь зку аҧсадгьылхьчаҩы ахҭарҧа иханы, армарахь ала - Гагра ақ. ахақәиҭтәразы аоперациа ахсаала асахьа, аҧсышәала аҩырақәа аҿыкәыршоуп: хыхь – «Афырхацәа хашҭра рықәым», ҵаҟа-адҩылақәа зну алента асахьа, акомпозициа агәҭаны – арратә фырхаҵареи Аиааиреи символра рзызуа еихыршьу аҳәақәа ҩба рҧынҵақәа рыҵарырақәа аҩада ирханы, алента иануп аҩыра: агәҭантәи ихәҭаҟны – «Гагра», нас арцхқуа: армарахь ала армарахь ала – «06.10.1992ш.», арҕьарахь ала – «06.10.2012ш.».

Амонета ахаҿратәи ашьҭахьтәи аганқәа рыла ихаргьежьны, иаҧыҳәҳәо аҿыкәырша амоуп.

Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.

Амонета ҟаҵоуп "ҧруф-лаиқ" ахаҭашьарала.

Асахьаҭыхҩы Џьапуа Б.Р.

Амонета атираж 500 цыра. Аҭыжьымҭа – Гознак (РФ) Москватәи аҧараҧҟарҭа.