Аҧсны агәаларшәагатә монетақәа

Аиааира

Аиааира 15 шықәса ахыҵра иазку, абираҟ зку аибашьҩы иҭеиҭыҧш зну, 10 ҧсарк ицо, иалҧшааны ихьырку араӡынтәы монета.

  • Каталожный номер0260010-001
  • Дата выпуска26.09.2008 ш.
Номинал Качество Металл, проба Кольцо/диск Масса общая, г. Содержание чистого металла не менее, г. Диаметр, мм Толщина, мм Тираж, шт.
10 ҧсарк Ҧруф-Антиҧруф Араӡны 925, Ахьы 999 33,94±0,31 не менее 31,1 39,0 3,3±0,35 2000-нӡа

Аверс:

хыхьтәи агәҭа ахәҭа асаркьатә қәыҧшылараҿы Аҧсны Аҳәынҭқарратә герб асахьа гәылганы иануп, уи аҵаҟа аҧсышәала иаҵаҩуп «Аҧсны Абанк» ҳәа, агерб аханы ихаргьежьны 10 ҧсарк ҳәа амонета ахаҿратә хәыҧса ануп, аҿыкәырша иаваҵаны амонета армарахьтәи ахәҭаҿы иануп Д.И. Менделеев ихимиатә елементқәа р-Периодикатә система иатәу аметалл адырга, арҕьарахьтәи ахәҭаҿы – аиларҭәа ахкы, аҧараҧҟарҭа афирматә дырга ануп. Амонета ҵаҟатәи исаркьатәым ақәыҧшылара ахәҭаҿы иануп игәылгоу аҩырақәа хә-цәаҳәакны «Аҧсны Абанк» ҳәа шрифт ссала, иарбоуп аҭыжьра ашықәс «2008».

Реверс:

исаркьатәым ақәыҧшылараҟны иарбоуп абираҟ зку аибашьҩы игәылгоу иҭеиҭыҧш, абираҟ зку аибашьҩы иҭеиҭыҧш аханы ихаргьежьны, кәаҧла еидыгоу аҩырақәа рнуп аҧсышәала: «АИААИРА», арыцхәқәа «1992», «1993». Аҩырақәеи абираҟ зку аибашьҩы исахьеи зегьы асаркьатә ҟьаҟьара рымоуп.

Амонета ахаҿратәи ашьҭахьтәи аганқәа ихаргьежьны иаҧыҳәҳәо аҿыкәырша амоуп.

Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.

Асахьаҭыхҩы Џьапуа Б.Р., Ерохин В.М.

Аҭыжьырҭа: Москватәи амонетатә шҭа (ММШ)