Аҧсны агәаларшәагатә монетақәа

Гьаргь Ӡиӡариа

10 ҧсарк ицо араӡынтәы монета "Гьаргь Алықьса-иҧа Ӡиӡариа"

  • Каталожный номер0110010-009
  • Дата выпуска01.12.2014 ш.
Номинал Качество Металл, проба Кольцо/диск Масса общая, г. Содержание чистого металла не менее, г. Диаметр, мм Толщина, мм Тираж, шт.
10 ҧсарк Ҧруф-лаиқ Араӡны 925 33,63 31,1 39,0 3,3±0,35 500

Аверс:

хыхьтәи агәҭа ахәҭа асаркьатә қәыҧшылараҿы Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә герб асахьа гәылганы иануп, уи аҵаҟа аҧсышәала иаҵаҩуп «Аҧсны Абанк», агерб аханы ихаргьежьны 10 ҧсарк ҳәа амонета ахаҿратә хәыҧса ануп, аҿыкәырша иаваҵаны амонета армарахьтәи ахәҭаҿы иануп Д.И. Менделеев ихимиатә елементқәа рпериодикатә система иатәу аметалл адыргеи, аиларҭәа ахки, хәызмоу аметалл акапанцқьа аилазаареи, арҕьарахьтәи ахәҭаҿы – афирматә дыргеи аҧараҧҟарҭа ахьӡынҵеи. Амонета ҵаҟатәи ахәҭаҿы исаркьатәым ақәыҧшылара игәылгоу аҩырақәа «Аҧсны Абанк» ҳәа хә-цәаҳәакны шрифт ссала иануп, иазгәаҭоуп аҧараҧҟара ашықәс «2014»

Реверс:

Иеицырдыруа аҭоурыхҭҵааҩ-кавказдырҩы, арҵаҩы, Аҧсны Аҳәынҭқарра иналукааша ауаажәларратә усзуҩы Гьаргь Алықьса-иҧа Ӡиӡариа ипатреҭ, амшын аҟәара иаҧну ашьхақәеи Зыҧсадгьыл аанзыжьуа амҳаџьырқәеи рқәыҧшылараҟны. Апатреҭ ахахьы ихаргьежьны аҿыкәырша инаваҵаны «Гьаргь Ӡиӡариа» ҳәа аҧсышәала аҩыра ануп. Акомпозициа ҵаҟатәи ахәҭаҟны ҩ-цәаҳәакны арыцхәқәа «1914», «1988», ацифра «100» ануп.

Амонета ахаҿратәи ашьҭахьтәи аганқәа рыла ихаргьежьны иаҧыҳәҳәо аҿыкәырша амоуп.

Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.

Амонета "ҧруф-лаиқ" ахаҭашьала иҟаҵоуп.

Асахьаҭыхҩы Дзидзария А.Г.

Аскульпторқуа: Корнилов С.А., Андронов Ф.С.

Амонета атираж 500 цыра.