Аҧсны агәаларшәагатә монетақәа

Нанҳәа иазку Мықә-ныха

"Аҧсны аҭоурыхтә баҟақәа" асериала иҭыжьу «Нанҳәа иазку Мықә-ныха» захьӡу, 50 ҧсарк ицо ахьтәы монета.

  • Каталожный номер0320050-004
  • Дата выпуска22.03.2013 ш.
Номинал Качество Металл, проба Кольцо/диск Масса общая, г. Содержание чистого металла не менее, г. Диаметр, мм Толщина, мм Тираж, шт.
50 ҧсар Ҧруф-лаиқ Ахьы 999 15,7 15,55 30,0 3,3±0,35 99

Аверс:

хыхьтәи агәҭа ахәҭа асаркьатә қәыҧшылараҟны Аҧсны Абанк агерб асахьа гәылганы иануп, уи аҵаҟа аҧсышәала иаҵаҩуп «Аҧсны Абанк» ҳәа, агерб аханы ихаргьежьны 50 ҧсар ҳәа амонета ахаҿратә хәыҧса ануп, аҿыкәырша иаваҵаны, амонета армарахьтәи ахәҭаҿы иануп ахимиатә елементқәа Д.И. Менделеев Ипериодикатә система аҟнытә аметалл адыргеи аиларҭәа ахки, арҕьарахьтәи ахәҭаҿы – аҧараҧҟарҭа афирматә дыргеи ахьӡынҵеи. Амонета ҵаҟатәи ахәҭаҿы исаркьаркым ақәыҧшылареи иагәылгоу аҩырақәеи рҿы «Аҧсны Абанк» ҳәа шрифт ссала хә-цәаҳәакны иарбоу рҿы иақәҩуп аҭыжьра ашықәс «2013», амонета ахатә номер.

Реверс:

Агәҭаны иануп нанҳәа иазку Мықә-ныха. Армарахь ала аныха идәылырго аџьар асахьа ануп, арҕьарахь ала мықәтәи архиепископтә кафедра Аевангелие асахьа ануп. Ихаргьежьны аҧсышәала «Нанҳәа иазку Мықә-ныха» ҳәа аҩыра ануп. Ҵаҟатәи ахәҭаҿы – аныха асахьа иаҵаҩуп уи аныргылаз арыцхә.

Амонета ахаҿратәи ашьҭахьтәи аганқәа рыла ихаргьежьны, иаҧыҳәҳәо аҿыкәырша амоуп. 
Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.
Амонета ҟаҵоуп "ҧруф-лаиқ" ахаҭашьарала. 
Асахьаҭыхҩы Џьапуа Б.Р.
Амонета атираж 99 цыра.