Новости

Агәалашәаратә монета «Шәлиман Цыба»

19-08-2021 17:06

Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк алаҳәара ҟанаҵоит агәалашәаратә монета «Шәлиман Цыба» аикәшараҟны ахархәаразы ишҭыҵыз азы.

Аԥсуа хылҵшьҭра змоу ҭырқәтәылатәи ашьапылампыласҩы, ашьапылампылтә клуб «Бешьикҭашь» ахада (1984 - 2000) Шәлиман Цыба диижьҭеи 95 шықәса аҵра иазку амонета.  

Агәалашәаратә монета «Шәлиман Цыба» 925-тәи ацқьара змоу, здиаметр 39 мм, зыкапан 34 гр. иҟоу,  ахаҭабзиара пруф-лаик (зхаҭабзиара ҳараку  атехнологиала ичаҧоу) ала инагӡоуп,  10 аҧсар ицоит.  Амонетақәа рган ҭырҷҷаауп.  Каталогтә номерс иамоуп  0110010-016. Атираж – 300 ц. ыҟоуп.  Асахьаҭыхҩы: Џьапуа Б.Р. 

Аверс

Арымарахьтәи хыххьтәи ахәҭаҟны саркьаҵас ицәу аҟьаҟьараҟны амонета шаҟа ицо «10 ԥсарк» ҳәа аҧсышәала иануп, арымарахьтәи аладатәи ахәҭаҟны Аҧсны аҳәынҭқарратә герб  арелиефтә сахьа.  Ихыргьежьааны аҧсышәала «Аԥсны Абанк» ҳәа аҩыра ануп, ҵаҟа амонета анычаҧаз аашықәс – 2021.

Ареверс

Шәлиман Цыба анфасбжала ипортрет, ашьҭахьтси аплан аҟны ашьапылампылтә дәы ацәаара анубаалоит, апортрет аҟнытә арыӷьарахь ала – ашьапылампылтә клуб «Бешьикҭашь» агерб зҿыҵакны ажәҩан иалоу ауарба, аладахьала –   «Шәлиман Цыба» ҳәа ихаргьежьны аҩыра ануп.
 

Хәзмоу аметаллқәа ирылху Аԥсны Абанк агәаларшәагатә монетақәа аиуристтә хаҿқәеи хазы игоу ауааи иаархәар рылшоит Аԥсны Аҳәынҭқарра акредиттә еиҿкаарақәа рҿы..