Аҧсны агәаларшәагатә монетақәа

Ацқьа Андреи Аҧхьанаҧхьаҩ изку Пицундатәи аныха

"Аҧсны аҭоурыхтә баҟақәа" асериала иҭыжьу «Ацқьа Андреи Аҧхьанаҧхьаҩ изку Пицундатәи аныха» захьӡу, 10 ҧсарк ицо араӡынтәы монета.

  • Каталожный номер0310010-002
  • Дата выпуска06.12.2010 ш.
Номинал Качество Металл, проба Кольцо/диск Масса общая, г. Содержание чистого металла не менее, г. Диаметр, мм Толщина, мм Тираж, шт.
10 ҧсарк Ҧруф-лаиқ Араӡны 925 33,94±0,31 31,1 39,0 3,3±0,35 1000

Аверс:

хыхьтәи агәҭа ахәҭа асаркьатә қәыҧшылараҟны Аҧсны Абанк агерб асахьа гәылганы иануп, уи аҵаҟа аҧсышәала иаҵаҩуп «Аҧсны Абанк» ҳәа, агерб аханы ихаргьежьны 10 ҧсарк ҳәа амонета ахаҿратә хәыҧса ануп, аҿыкәырша иаваҵаны, амонета армарахьтәи ахәҭаҿы иануп ахимиатә елементқәа Д.И. Менделеев Ипериодикатә система аҟнытә аметалл адыргеи аиларҭәа ахки, арҕьарахьтәи ахәҭаҿы – аҧараҧҟарҭа афирматә дыргеи ахьӡынҵеи. Амонета ҵаҟатәи ахәҭаҿы исаркьаркым ақәыҧшылареи иагәылгоу аҩырақәеи рҿы «Аҧсны Абанк» ҳәа шрифт ссала хә-цәаҳәакны иарбоу рҿы иақәҩуп аҭыжьра ашықәс «2010».

Реверс:

Агәҭаны Ацқьа Андреи Аҧхьанаҧхьаҩ изку Пицундатәи аныха асахьа ануп. Армарахь ала аныха идәылырго аџьар асахьа ануп, арҕьарахь ала Аҧсны акатоликос имитра ануп. Ихаргьежьны аҧсышәала «Ацқьа Андреи Аҧхьанаҧхьаҩ изку Пицундатәи аныха» ҳәа аҩыра ануп. Ҵаҟатәи ахәҭаҿы – аныха асахьа иаҵаҩуп уи аныргылаз арыцхә.

Амонета ахаҿратәи ашьҭахьтәи аганқәа рыла ихаргьежьны, иаҧыҳәҳәо аҿыкәырша амоуп. 
Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.
Амонета ҟаҵоуп "ҧруф-лаиқ" ахаҭашьарала. 
Асахьаҭыхҩы Џьапуа Б.Р.
Амонета атираж 1000 цыра.