50 ҧсар
Ахьы 999
15,72±0,15
15,55
30,0
1000-нӡа
Ахаҿратә ган:
арҕьарахь ҵаҟатәи ахәҭаҿы игәылганы иануп амчра асимволқәа: Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа, алабашьеи аҳәеи, урҭ рхыхь «Аҧсны Абанк» ҳәа ихаргьежьны аҧсышәала аҩыра ануп, иара убас 50 ҧсар ҳәа амонета ахаҿратә хәыҧсеи «2008» ҳәа аҭыжьра ашықәс узырбо аҩырақәа ануп, аҿыкәырша иаваҵаны, амонета армарахьтәи ахәҭаҿы Д.И. Менделеев ихимиатә елементқәа р-Периодикатә система иатәу аметалл адырга, аиларҭәа ахкы, аҧараҧҟарҭа афирматә дырга рнуп.
Ашьҭахьтәи аган:
асаркьатә фон аҿы ианырҧшуп В.Г. Арӡынба ипатреҭи Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟи, аҧсышәала аҩырақәа ануп: апатреҭ иаҵаҩуп «Арӡынба В.Г.», апатреҭ ахыхь ҩ-цәаҳәакны - «Аҧсны Ахада», арыцхәқәа «1991-2005» ануп.
Амонета ахаҿратәи ашьҭахьтәи аганқәа ихаргьежьны иаҧыҳәҳәо аҿыкәырша амоуп.
Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.
Асахьаҭыхҩы Џьапуа Б.Р., Ерохин В.М.
Аҭыжьырҭа: Москватәи амонетатә шҭа (ММШ)
Аҭыӡҭыҧ: 384900, Аҟәа ақ. Леон имҩа, 14, Аҧсны Аҳәынҭқарра, БИК 224100000 аҭел: +99544-297623 Афакс: +99544-297622; e-mail: info@a.nb-ra.org Copyright©2006-2008 Аҧсны Абанк