Банк Абхазии
 
http://www.bankofabkhaziya.org
http://www.bankofabkhazia.org
http://www.nb-ra.org
   
 
 
   
 

«Аҧсны аҭоурыхтә баҟақәа»

 

"Аҧсны аҭоурыхтә баҟақәа" асериала иҭыжьу «Нанҳәа иазку Мықә-ныха» захьӡу, 10 ҧсарк ицо араӡынтәы монета.

Аҭыжьра арыцхә: ҧхынҷкәын 06, 2010 шықәса. Акаталогтә номер - 0310010-004
     
             
Ахаҿратә хәыҧса Ахаҭашьара Аметалл, ахкы Амацәаз/адиск Азеиҧш капан,г. Аметалл цқьа аилазаара, г.еиҵамкәа Адиаметр, мм Аҿыгҳара, мм Атираж, цыра


10 ҧсарк

Ҧруф-лаиқ

Араӡны 925

33,94

31,1

39,0

 3,3±0,35

 

1000-нӡа

 
 

Ахаҿратә ган:

хыхьтәи агәҭа ахәҭа асаркьатә қәыҧшылараҟны Аҧсны Абанк агерб асахьа гәылганы иануп, уи аҵаҟа аҧсышәала иаҵаҩуп «Аҧсны Абанк» ҳәа, агерб аханы ихаргьежьны 10 ҧсарк ҳәа амонета ахаҿратә хәыҧса ануп, аҿыкәырша иаваҵаны, амонета армарахьтәи ахәҭаҿы иануп ахимиатә елементқәа Д.И. Менделеев Ипериодикатә система аҟнытә аметалл адыргеи аиларҭәа ахки, арҕьарахьтәи ахәҭаҿы – аҧараҧҟарҭа афирматә дыргеи ахьӡынҵеи. Амонета ҵаҟатәи ахәҭаҿы исаркьаркым ақәыҧшылареи иагәылгоу аҩырақәеи рҿы «Аҧсны Абанк» ҳәа шрифт ссала хә-цәаҳәакны иарбоу рҿы иақәҩуп аҭыжьра ашықәс «2010».

 

 
             
   

Ашьҭахьтәи аган:

Агәҭаны иануп нанҳәа иазку Мықә-ныха. Армарахь ала аныха идәылырго аџьар асахьа ануп, арҕьарахь ала мықәтәи архиепископтә кафедра Аевангелие асахьа ануп. Ихаргьежьны аҧсышәала «Нанҳәа иазку Мықә-ныха» ҳәа аҩыра ануп. Ҵаҟатәи ахәҭаҿы – аныха асахьа иаҵаҩуп уи аныргылаз арыцхә.

 
             

Амонета ахаҿратәи ашьҭахьтәи аганқәа рыла ихаргьежьны, иаҧыҳәҳәо аҿыкәырша амоуп.
Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.
Амонета ҟаҵоуп "ҧруф-лаиқ" ахаҭашьарала.
Асахьаҭыхҩы Џьапуа Б.Р.
Амонета атираж 1000 цыра.

   
             
           
       

Аҭыӡҭыҧ: 384900, Аҟәа ақ. Леон имҩа, 14, Аҧсны Аҳәынҭқарра, БИК 224100000
аҭел: +7(840) 229-76-23 Афакс: +7(840) 229-76-22; e-mail: info@a.nb-ra.org
Copyright©2006  Аҧсны Абанк