Банк Абхазии
 
http://www.bankofabkhaziya.org
http://www.bankofabkhazia.org
http://www.nb-ra.org
   
 
 
   
Адырраҭаратә шәҟәқәа
 

Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә банки Приднестровиатәи Ареспубликатә банки рыбжьара аусеицуразы АИҚӘШАҲАҬРА

 

Жьҭаара 01, 2012 шықәсазы Аҧсны Абанк аҧареикәыршарахь иаланагалоит «1992-1993шш. рызтәи аҧсныжәлар рџьынџьтәылатә еибашьра» асериала иҭыжьу, «Гагра ақ. aхақәиҭтәра 20 шықәса ахыҵра» захьӡу, 10 ҧсарк ицо араӡынтәы гәаларшәагатә монета.

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭә банк (Аҧсны Абанк) адырра ҟанаҵоит Аҧсны Абанк лаҵара 31 2012ш.азтәи Адҵа №195 ала Ибанктәым Аҳасабкратә Кредиттә Еиҿкаара «Гәдоуҭа» (Зҭакҧхықәра ҳәаарку аилазаара) аҟынтә ирхынҳәын абанктә операциақәа рымҩаҧгаразы алицензиа рашәара 1 2012ш.инаркны.

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк (Аҧсны Абанк) адырра ҟанаҵоит Аҧсны Абанк 03.04.2012ш.азтәи Адҵа №114 ала абанктә операциақәа рымҩаҧгаразы алицензиа акредиттә еиҿкаара Акоммерциатә банк «Инвест-Банк» аҟынтәи (Зҭакҧхықәра ҳәаақәҵоу аилазаара) ишырхынҳәу 04.04.2012ш. инаркны.

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк (Аҧсны Абанк) адырра ҟанаҵоит Аҧсны Абанк 03.04.2012ш.азтәи Адҵа №113 ала абанктә операциақәа рымҩаҧгаразы алицензиа акредиттә еиҿкаара Акоммерциатә банк «Леон-Банк» аҟынтәи (Зҭакҧхықәра ҳәаақәҵоу аилазаара) ишырхынҳәу 04.04.2012ш. инаркны.

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк (Аҧсны Абанк) адырра ҟанаҵоит Аҧсны Абанк 03.04.2012ш.азтәи Адҵа №112 ала абанктә операциақәа рымҩаҧгаразы алицензиа акредиттә еиҿкаара Акоммерциатә банк «Банк-Престиж» аҟынтәи (Зҭакҧхықәра ҳәаақәҵоу аилазаара) ишырхынҳәу 04.04.2012ш. инаркны.

 

Аҧсны Абанк адырраҭара: Жәабран 15, 2012 2010 шықәсазы Аҧсны Абанк аҧареикәыршарахь иаланагалоит "Аҧсны аҭоурыхтә баҟақәа" асериала иҭыжьу «Нанҳәа иазку Дранда-ныха», «Ацқьа Андреи Аҧхьанаҧхьаҩ изку Пицундатәи аныха», «Нанҳәа иазку Лых-ныха», «Нанҳәа иазку Мықә-ныха», «Ацқьа Симон Кананит изку Афон Ҿыцтәи аныха», «Ацқьа Мариа Нцәадзыхшааз илызку Бедиа ныха», «Ацқьа Гьаргь (Аергь) изку Елыр-ныха» захьӡу, 10 ҧсарк ицо иалҧшааны ихьырку араӡынтәы гәаларшәагатә монетақәа.

 

Цәыббра 12, 2011 шықәсазы Аҧсны Абанк аҧареикәыршарахь иаланагалоит "Аспорт" асериала иҭыжьу «Адомино азы адунеи Ачемпионат, Аҧсны, 2011ш.» захьӡу, 10 ҧсарк ицо араӡынтәы монета.

 

Аҧсны Абанк адырраҭара: Ҧхынҷкәын 06 2010 шықәсазы Аҧсны Абанк аҧареикәыршарахь иаланагалоит "Аҧсны аҭоурыхтә баҟақәа" асериала иҭыжьу «Нанҳәа иазку Дранда-ныха», «Ацқьа Андреи Аҧхьанаҧхьаҩ изку Пицундатәи аныха», «Нанҳәа иазку Лых-ныха», «Нанҳәа иазку Мықә-ныха», «Ацқьа Симон Кананит изку Афон Ҿыцтәи аныха», «Ацқьа Мариа Нцәадзыхшааз илызку Бедиа ныха», «Ацқьа Гьаргь (Аергь) изку Елыр-ныха» захьӡу, 10 ҧсарк ицо араӡынтәы гәаларшәагатә монетақәа.

 

Аҧсны Абанк адырра ҟанаҵоит абҵара 19 2009ш. Гознак Москватәи Амонетаҧҟарҭаҿы иҵәахыз Аҧсны Абанк азы агәаларшәагатә монетақәа рыҧҟаразы амыруга ҷыда шеимыхыз, убри иазкны Гознак Москватәи Амонетаҧҟарҭеи Аҧсны Абанки рхаҭарнакцәа алархәны, абри азы еиқәыршәаз иахәҭоу анҵа рнапқәы шаҵарҩыз ала.

 

Абҵара  16  2009 шықәсазы Аҧсны Абанк аҧареикәыршарахь иаланагалоит 25 ҧсар ицо ахьтәы инвестициатә монета «Нарҭ».

 

Абҵара 16  2009 шықәсазы Аҧсны Абанк аҧареикәыршарахь иаланагалоит Александр Константин-иҧа Чачба изку «Аҧсны иналукааша ауаа» асериала иҭыжьу, «Александр Чачба» захьӡу, 10 ҧсарк ицо арӡынтәы монета.

 
 
 
         
           
       

Аҭыӡҭыҧ: 384900, Аҟәа ақ. Леон имҩа, 14, Аҧсны Аҳәынҭқарра, БИК 224100000
аҭел: +7(840) 229-76-23 Афакс: +7(840) 229-76-22; e-mail: info@a.nb-ra.org
Copyright©2006  Аҧсны Абанк