Банк Абхазии
 
http://www.bankofabkhaziya.org
http://www.bankofabkhazia.org
http://www.nb-ra.org
   
 
 
   
Аҧсны Абанк адырраҭара
       
 
             

Абҵара 16 2009 шықәсазы Аҧсны Абанк аҧареикәыршарахь иаланагалоит Александр Константин-иҧа Чачба изку «Аҧсны иналукааша ауаа» асериала иҭыжьу, «Александр Чачба» захьӡу, 10 ҧсарк ицо арӡынтәы монета. «Аҧсны иналукааша ауаа» асериала иҭыжьу «Александр Чачба» захьӡу, 10 ҧсарк ицо араӡынтәы монета (хәызмоу аметалл акапанцқьа 31,1 г, аиларҭәа ахкы 925, акаталогтә № 0110010-006) ҭеиҭыҧшла игьежьуп, адиаметр 39,0 мм иҟоуп.

Амонета ахаҿратәи ашьҭахьтәи аганқәа рыла ихаргьежьны иаҧыҳәҳәо аҿыкәырша амоуп.

Амонета ахаҿратә ган хыхьтәи агәҭа ахәҭа асаркьатә қәыҧшылараҿы Аҧсны Аҳәынҭқарра агерб асахьа гәылганы иануп, уи аҵаҟа аҧсышәала иаҵаҩуп “Аҧсны Абанк”, агерб аханы ихаргьежьны 10 ҧсарк ҳәа амонета ахаҿратә хәыҧса ануп, аҿыкәырша иаваҵаны амонета армарахьтәи ахәҭаҿы иануп ахимиатә елементқәа Д.И. Менделеев Ипериодикатә система аҟнытә аметалл адырга, аиларҭәа ахкы, хәызмоу аметалл акапанцқьа, арҕьарахьтәи ахәҭаҿы – аҧараҧҟарҭа афирматә дыргеи ахьӡынҵеи. Амонета ҵаҟатәи ахәҭаҿы исаркьаркым ақәыҧшылареи “Аҧсны Абанк” ҳәа шрифт ссала хә-цәаҳәакны игәылгоу аҩырақәеи рҿы иарбоуп аҭыжьра ашықәс “2009”.

             
 

ахаҿратә ган  

         
         
             

Ашьҭахьтәи аган аҟны иануп асахьақәа: армарахь ала – Александр Константин-иҧа Чачба ипатреҭ, арҕьарахь ала – ф-шәахәак змоу аеҵәақәа рыла ихырку Диоскураа рхылҧақәа ҩба зхагылоу Чачаа раҳратә герб аелемент хада, урҭ ирыҵаҩуп арыцхәқәа 1867, 1968. апатреҭ иахыкәыршаны иануп аҩыра «Александр Чачба».

 

             
 

ашьҭахьтәи аган

         
       

Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.

Амонета ахаҭашьара "пруф-лаиқ".

Асахьаҭыхҩы Џьапуа Б.Р.

Амонета атираж 1000 цыра.

   

 

Иҭрыжьуа амонета Аҧсны Аҳәынҭқараҿы номиналтә хәыҧсала ахәшәара иазку хархәагоуп, урыстәылатәи амааҭқәа рыла аеквивалент ҕәҕәа амоуп, Урыстәылатәи Афедерациа аҧарала ҧсарк 10 мааҭк иаҧсоуп.

Хәызмоу аметаллқәа ирылху Аҧсны Абанк агәаларшәагатә монетақәа аиуристтә хаҿқәеи ахазхаҿқәеи иаархәар рылшоит Аҧсны Аҳәынҭқарра акредиттә еиҿкаарақәа рҿы.

 

Александр Константин-иҧа Чачба (1867-1968) аҭауад, Аҧсны аҳра аҳ Қьалышьбеи иҧаиҧа иҧа, Аҧсны аҳтәарҭа аҭыҧхылаҧшҩы (1918-1968). Азанааҭтә сахьаҭыхҩы, аграфик, аҿыханҵаҩы, асценархиаҩ, аҟазараҭҵааҩы, асахьаҭыхратә критик. XX ашәышықәса алагамҭазы (1907-1918) Петербургтәи аимператортә театрқәа – Мариинтәи Александртәи рыҟны – зегь реиҳа ирдыруаз асценархиаҩцәа дыруаӡәкын. А.К. Чачба далан А.Н. Бенуа, А.Иа. Головин, В.А. Серов, Н. А. Рерих, П.Пикассо, А. Дерен рырҿиаратә еилазаара.

 

         
           
       

Аҭыӡҭыҧ: 384900, Аҟәа ақ. Леон имҩа, 14, Аҧсны Аҳәынҭқарра, БИК 224100000
аҭел: +7(840) 229-76-23 Афакс: +7(840) 229-76-22; e-mail: info@a.nb-ra.org
Copyright©2006  Аҧсны Абанк