Банк Абхазии
 
http://www.bankofabkhaziya.org
http://www.bankofabkhazia.org
http://www.nb-ra.org
   
 
 
   
Аҧсны Абанк адырраҭара
       
 
             

Цәыббра 12, 2011 шықәсазы Аҧсны Абанк аҧареикәыршарахь иаланагалоит "Аспорт" асериала иҭыжьу «Адомино азы адунеи Ачемпионат, Аҧсны, 2011ш.» захьӡу, 10 ҧсарк ицо араӡынтәы монета.

" Аспорт " асериала иҭыжьу 10 ҧсарк ицо араӡынтәы монетақәа (хәызмоу аметалл акапанцқьа 31,24г., аиларҭәа ахкы 925, ««Адомино азы адунеи Ачемпионат, Аҧсны, 2011ш.» акаталогтә № 0410010-001ҭеиҭыҧшла игьежьуп, адиаметр 39,0 мм иҟоуп.

Амонета ахаҿратәи ашьҭахьтәи аганқәа рыла ихаргьежьны иаҧыҳәҳәо аҿыкәыршақәа рымоуп. Хыхьтәи агәҭа ахәҭа асаркьатә қәыҧшылараҟны Аҧсны Абанк агерб асахьа гәылганы иануп, уи аҵаҟа аҧсышәала иаҵаҩуп «Аҧсны Абанк» ҳәа, агерб аханы ихаргьежьны 10 ҧсарк, амонета арҕьарахьтәи аган аҿы иануп афирматә дыргеи аҧараҧҟарҭа ахьӡынҵеи, иара убас уаҟа иқәыргылоуп ахимиатә елементқәа Д.И. Менделеев Ипериодикатә система аҟнытә аметалл адыргеи аиларҭәа ахки. Амонета ҵаҟатәи ахәҭаҿы исаркьаркым ақәыҧшылареи иагәылгоу аҩырақәеи рҿы «Аҧсны Абанк» ҳәа шрифт ссала хә-цәаҳәакны иарбоу рҿы иақәҩуп аҭыжьра ашықәс «2011».

             
 

ахаҿратә ган  

         
         
             

Агәҭаны – ахыҧхьаӡара ааба анны адомино ахаҳә аҧсуа шхәа аҧра ануп, ашхәа амазгәыҭ иахашәыршәыруеит Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә бираҟ, ихаргьежьны иаҿыкәыршаны аҧсышәала аҩыра ануп: ахаҿы – “Адомино азы Адунеи VIII ачемпионат, ” ҵаҟа – “Аҧсны”, арҕьарахьала ачемпионат амҩаҧгара амзеи ашықәси; армарахьала – аа-иаҵәак рыла ишьақәгылоу ацәаҳәа, уи ачемпионат аишьҭагыларатә номер символра азнауеит.

 

             
 

ашьҭахьтәи аган

         
       

Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.                                       
Амонета ахаҭашьара “пруф-лаик”.
Асахьаҭыхҩы Џьапуа Б.Р.
Амонета атираж 500 цыра.
Аҭыжьымҭа – Гознак (РФ) Санкт-Петербургтәи аҧараҧҟарҭа.

 

   

Иҭрыжьуа амонета Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы номиналтә хәыҧсала ахәшәара иазку хархәагоуп, урыстәылатәи амааҭқәа рыла аеквивалент ҕәҕәа амоуп, Урыстәылатәи Афедерациа аҧарала ҧсарк 10 мааҭк иаҧсоуп.

Хәызмоу аметаллқәа ирылху Аҧсны Абанк агәаларшәагатә монетақәа аиуристтә хаҿқәеи хазы игоу ауааи иаархәар рылшоит Аҧсны Аҳәынҭқарра акредиттә еиҿкаарақәа рҿы.

 

         
           
       

Аҭыӡҭыҧ: 384900, Аҟәа ақ. Леон имҩа, 14, Аҧсны Аҳәынҭқарра, БИК 224100000
аҭел: +7(840) 229-76-23 Афакс: +7(840) 229-76-22; e-mail: info@a.nb-ra.org
Copyright©2006  Аҧсны Абанк