Новости

2023 шықәсазы Аҧсны атәылауаа 330,7 млн мааҭ дырҳаит акоммерциатә банкқәа рыҟны аҧарашьҭаҵақәа рыла

16-04-2024 16:15

2024 шықәса ажьырныҳәамза 1 азы Аҧсны Аҳәынҭқарра акоммерциатә банкқәа рыҟны аҧарашьҭаҵақәеи адепозитқәеи рзеиҧш мҽхакы иартәеит 4,2 млрд мааҭ. Ари 1,3 млрд мааҭк мамзаргьы 45,4% рыла еиҳауп иҳаҩсыз ашықәс абри аамҭазы. Убри аан ауаҩытәҩсатә хаҿқәа рҧарашьҭаҵақәа 2024 шықәса ажьырныҳәамза 1 азы  идыртәеит 3,3 млрд мааҭк., уи ҵыҧхтәи арбагақәа раасҭа 28,1% рыла еиҳауп.

2023 шықәсазы ауаҩытәҩсатә хаҿқәа рҧарашьҭаҵақәа рыҟнытә ахашәалақәа идыртәеит 330,7 млн мааҭ., ари 18,6 млн мааҭ рыла еиҳауп 2022 шықәсазы аасҭа.

Аҧарашьҭаҵақәа рзы абжьаракапантә проценттә зыҧҵәа 2023 шықәсазы иартәеит  9,7 %