Аҧсны агәаларшәагатә монетақәа

В.Г. Арӡынба

1992-1993шш. рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Аиааира 15 шықәса ахыҵра иазку, В.Г. Арӡынба исахьа зну, 50 ҧсар ицо ахьтәы монета.

  • Каталожный номер0120050-001
  • Дата выпуска26.09.2008 ш.
Номинал Качество Металл, проба Кольцо/диск Масса общая, г. Содержание чистого металла не менее, г. Диаметр, мм Толщина, мм Тираж, шт.
50 ҧсар Ҧруф-лаиқ Ахьы 999 15,72±0,15 15,55 30,0 1,7±0,2 1000-нӡа

Аверс:

арҕьарахь ҵаҟатәи ахәҭаҿы игәылганы иануп амчра асимволқәа: Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа, алабашьеи аҳәеи, урҭ рхыхь «Аҧсны Абанк» ҳәа ихаргьежьны аҧсышәала аҩыра ануп, иара убас 50 ҧсар ҳәа амонета ахаҿратә хәыҧсеи «2008» ҳәа аҭыжьра ашықәс узырбо аҩырақәа ануп, аҿыкәырша иаваҵаны, амонета армарахьтәи ахәҭаҿы Д.И. Менделеев ихимиатә елементқәа р-Периодикатә система иатәу аметалл адырга, аиларҭәа ахкы, аҧараҧҟарҭа афирматә дырга рнуп.

Реверс:

асаркьатә фон аҿы ианырҧшуп В.Г. Арӡынба ипатреҭи Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟи, аҧсышәала аҩырақәа ануп: апатреҭ иаҵаҩуп «Арӡынба В.Г.», апатреҭ ахыхь ҩ-цәаҳәакны - «Аҧсны Ахада», арыцхәқәа «1991-2005» ануп.

Амонета ахаҿратәи ашьҭахьтәи аганқәа ихаргьежьны иаҧыҳәҳәо аҿыкәырша амоуп.

Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.

Асахьаҭыхҩы Џьапуа Б.Р., Ерохин В.М.

Аҭыжьырҭа: Москватәи амонетатә шҭа (ММШ)