Новости

Агәаларшәагатә монетақәа «Аиааира 25» аикәшарахь аҭыжьразы

18-09-2018 13:30

Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк ирыланаҳәоит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 25
шықәса ахыҵра иазку агәаларшәагатә монета «Аиааира 25» аикәшарахь аҭыжьра атәы.

Агәаларшәагатә монета «Аиааира 25» ҟаҵоуп 925-тәи араӡынцқьеи 999 ахьыцқьеи ирылхны, амонета адиаметр 60 мм ыҟоуп, акапан 155,5 гр., ахаҭабзиара пруф-лаик ала инагӡоуп, 100 аҧсарк ицоит. Амонетақәа ргантә қәыҧшылара ҭырҷҷоуп. "1992-1993 шш. рызтәи Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра" асериа иаҵанакуеит.

 Акаталогтә номер 0260100-006. Атираж – 250 цырак.

Амонета ахҳәаа

Ахаҿратә ганАхаҿратә ган аҟны иануп ахьыҧшымразы еибашьуа ажәлар символра рзызуа, арелиефтә сахьала ишьақәгылоу атәыла ахсаала. Агәҭаны  асаркьатә қәыҧшылараҟны ихьӡыркны Аҧсны Абанк агерб асахьеи «100 ҧсарк» ҳәа аҧсышәала амонета ахаҿратә хәыҧса ануп. Амонета ҵаҟатәи ахәҭаҿы иануп «Аҧсны Абанк» ҳәа аҧсышәала аҩыра, хыхьтәи ахәҭаҿы аҭыжьра ашықәс– 2018.
Ашьҭахьтәи аганАшьҭахьтәи аган аҟны Аҧсны аҳәынҭқарратә бираҟ ақәыҧшылара дадубалоит абираҟ днаҵагыланы ҭоуба зуа аҧсуа еибашьҩы, арыҕьарахь ала – ацифра 25, ихьӡыркны иҟаҵоу, Аиааира 25 шықәса ахыҵра символра азызуа. Аладатәи ахәҭаҟны «Аиааира» ҳәа аҩыра ануп.


Асахьаҭыхҩы: Ҭемыр Ҟаитан.


Хәызмоу аметаллқәа ирылху Аҧсны Абанк агәаларшәагатә монетақәа аиуристтә хаҿқәеи хазы игоу ауааи иаархәар рылшоит Аҧсны Аҳәынҭқарра акредиттә еиҿкаарақәа рҿы.