Новости

Агәалашәаратә банкнота “Владислав Арӡынба” аикәшарахь аҭыжьра

17-09-2018 17:03

Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк ирыланаҳәоит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 25 шықәса ахыҵра иазкны 500 аҧсар ицо Агәаларшәагатә банкнота “Владислав Арӡынба” аикәшарахь ишҭыжьу атәы.

Аикәшарахь алагалара арыцхә: 2018 шықәса цәыббрамза 29 
Абанкнота ашәагаа: 150 x 65 мм

Атираж: 10 000 цыра.


“Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны агәалашәаратәи аинвестициатәи монетақәа” аикәшарахь ралагаларазы 21.04.2008 аҟнытә Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан N 2012-с-IV инақәыршәаны  агәалашәаратә банкнотқәа (анаҩс - абанкнотқәа) – аҧаратә дыргақәа, ақьаад иалхны, иҷыдоу апластик  хқәа ма урҭ еидкыланы ирылхны иҟаҵоу. Абанкнотақәа хархәара рымазар ҟалоит ашәатәы хархәага аҳасабалеиҧш, аколлекциа еизгара, аинвестициеи атезаврациеи маҭәарқәа реиҧш иара хьыӡҳәалатәи ахәҧса иеиҧшым ахәқәа рыла.  

Хьыӡҳәалатәи ахәҧса (изыҧсоу) – ахә аҧхьатәи аҵакы, абанкнотаҟны иарбоу азеиҧш шәага-зага. Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк (Аҧсны Абанк) иҭнажьуа абанкнотақәа   "Аҧсар" рыхьӡуп.  

Аикәшарахь иҭыжьу абанкнотақәа шәатәтәы хархәаганы иҟоуп урҭ хьыӡҳәалатәи рыхәҧса ала, иара урыстәылатәи амааҭ иаҟароуп: 1 аҧсарк Урыстәылатәи Афедерациа а-10 мааҭк иаҟароуп. Убри аан абанкнотқәа азаҵәылаҭиратә хәаахәҭра асистемаҟны ашәатәы (аҧаратә) хархәагас рхархәара ҟалаӡом.

Аҧхьатәи ахаҿра

Ашьҭахьтәи ахаҿра

Абанкнотқәа рыхә раҧхьатәи аҭыжьраан иара шаҟа ицо инақәыршәаны ишьақәыргалахоит.  

Абанкнотқәа рыхәқәа аҩбатәи аџьырмыкьаҟны ахы иақәиҭны ишьақәгылоит.  

Аҧсны Абанки акредиттә еиҿкаарақәеи хәыда-ҧсада аицҵалыҵ аҧкрадагьы Аҧсны Абанк абанкнота Урыстәылатәи Афедерациа амааҭқәеи даҽа валиутаки рахь аҧсахразы    Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵара инақәыршәаны аиуристтәи ауаҩытәыҩсатәи хаҿқәа рыҟны абанктә операциақәа мҩаҧнагоит.

Абанкнот аҧхьатәи ахаҿраҟны сахьа хаданы иануп – Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада  В. Г. Арӡынба ипортрет, уи аҵаҟа «Владислав Арӡынба» ҳәа анҵамҭа ануп. Ашьҭахьтәи аплан аҟны  Аиааира абираҟ шьҭызхуа аҧснытәи Арбџьар мчқәа реибашьцәа рсахьа ануп.  Асахьақәа аҧсуа традициатә орнамент ианҵоуп. Арымарахьтә арҕьарахь ихыргьежьааны Аҧсны аҳәынҭқарратә бираҟ аҟнытә  аеҵәақәа быжьқәа ануп. Арымарахьтәи аладатәи акәакь аҟны – аҳәынҭқарратә герб. Арымарахьтәи акәакь хыхьынтә алада илбаауа ацәаҳәақәа ҩба  рыла иарбоуп иара шаҟа ицо - «500 аҧсар».

Абанкнота ашьҭахьтәи ахаҿра асахьа хаданы иануп – Аҧсны Аҳәынҭқарра ахсаала, иара убас арҩычагатә харгьежь иҭакуп Аҧсны аҳәынҭқарратә герб зну абааш ианубаало Аҧсны аҳҭнықалақь Аҟәа архитектуратә комплекс ацәаара. Ахаргьежьра иаҿыкәыршаны аҧсышәала иануп «Нагӡара ақәзааит Аԥсынра». Асахьа аҵаҟа ацифра «500» арбоуп. Акомпозициа амилаҭтә орнамент ианубаало инагӡоуп. Абанкнота агьи аган аҟны, иаарҳәны аеҵәақәа быжьба рсахьа ануп, иара убас арҕьарахьтәи акәакь аҿы  шаҟа (номинал) ицо ахьӡ – 500 аԥсар.

Абанкнота ашьҭахьтәи аган аҟны ианҵоу асериатә номерқәа ҩба, ҩ-нбанк рыла иарбоу асериеи жә-цифрак змоу аномери. Армарахьтәи аномер уаҧхьоит  абанкнота аурала, арҕьарахьтәи – икьаҿу аган ала.

Абанкнота ашьҭахьтәи аган аҿы ҵаҟатәи арҕьарахьтәи ахәҭаҟны иануп Аҧсны Абанк асаит адаҟьахь азхьарҧш згәылоу QR-код, абанкнот ахьчаратә ҷыдарақәа рыхҳәаа ацҵаны. 

Абанкнота нагӡоуп акаҳуа-шьацҧшшәқәа рыла, абамба қьаад шкәакәа иалхуп.


Асахьаҭыхҩцәа: Џьапуа Баҭал, Ҟаитан Ҭемыр.