Новости

Ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа раан АҦРА аусура арбагақәа

12-01-2018 15:05

Амилаҭтә шәатәы система АҦРА аҭоурых аҟны 2018 ш. ажьырныҳәамза 1 инаркны 12-нӡа раҧхьаӡакәны ареспублика ахәаахәҭра-маҵзуратә наплакқәа рыҟны атранзакциақәа рхыҧхьаӡара абанкқәа рыҟны анапынҵақәа риуразы аоперациақәа иреиҳахеит.

Иарбоу аамҭа аҩныҵҟала АҦРА асистемаҟны имҩаҧган 20000 инареиҳаны ҳасабтәқәа атауарқәеи амаҵзурақәа рзи 18000 операциа абанкоматқәа рыҟны анапынҵақәа рамхрази. Арҭ арбагақәа иаадырҧшуеит ахәаахәҭра-маҵзуратә наплакқәа рыҟны pos-терминалтә каҭа арҭбаара иабзоураны напынҵадатәи ашәатәқәа рыхәҭаа ишазҳаз атәы иара убас абанктә картақәа рхархәара акультура аҿиара ишалагаз атәы.