Новости

Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк алаҳәара ҟанаҵоит агәалашәаратә монета «АҧСҲА ЛЕОН»

02-04-2024 17:50

Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк алаҳәара ҟанаҵоит агәалашәаратә монета «АҧСҲА ЛЕОН»

Атираж: 300 шт.
Ашәагаа: 30 мм.
Алых: Ахьы 999
Аҭыжьымҭа амасса: 15,72±0,15 г.
Ахаҿратә хәыҧса: 25 ҧсар
Ахаҭашьара: Анциркулеитед
Асахьаҭыхҩы: Руслан Габлиа
Акаталогтә номер: 0124

Аверс.  Агәҭаны иҟоуп Аҧсуа аҳра «АНАҞӘАԤИА», «ҚӘҬЕШЬ» ҳәа аҳҭнықалақьқәа рыхьыӡқәеииаарту аҿеи зну ахсаала. Уи аҵаҟа амонета шаҟа ицо «25 ҧсар», иара убас амонета анҭыжьу ашықәс 2023 ҳәа иануп. Хыхь агәҭаны ихаргьежьны иануп аҩыра «Аҧсны Абанк», насгьы Аԥсны аҳәынҭқарратә герб арелиефтә сахьа. Ҵаҟа ихаргьежьны «Аҧсны АҲӘЫНҬҚАРРА IX АШӘ.» ҳәа аҩыра ануп.
Ареверс. Ареверс агәҭаны Апсҳа Леон ипортреҭ ганҧшыларала иарбоуп, арӷьарахь ала хыхьынтә ҵаҟа «АҧСҲА ЛЕОН» ҳәа ҩ-цәаҳәакны аҩыра лбаашьҭуп.