Новости

Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк алаҳәара ҟанаҵоит аикәшарахь ишҭыжьу агәаларшәагатә монета «Кавказ ажәларқәа»

08-02-2024 16:35

Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк алаҳәара ҟанаҵоит аикәшарахь ишҭыжьу
агәаларшәагатә монета «Кавказ ажәларқәа»

Ахаҿратә хәыҧса: 200 аҧсар
Ахаҭашьара: ҧруф-лаик
Алых: Араӡын 925
Аҭьыжьымҭа акапан: 351,5±1,5 г.
Ашәагаа:100х60 мм
Атираж: 100 цырак
Акаталогтә номер: 0610200-011
Асахьаҭыхҩы: Џьапуа Б.Р.
Асериа: «Кавказ ажәларқәа рышәҵатәи рҳәаҭҳеи»
Аҭыжьра: Гознак Москватәи амонетатә шҭа (УА)

Аверс аҟны иануп XIX ашә. аҩбатәи азбжа иаҵанакуа Д. И. Ермаков еицырдыруа ифотосахьа «Аҧсуа депутатцәа» аҟнытә аҧсуа еибашьцәа рсахьа.  Армарахьтәи аган аҟны иануп зымҵәыжәҩа еиҵыхны иҧыруа ауарбақәа 11 рыла ишьақәгылоу асолиартә (амра) дырга, уи аҵаҟа аҧара ахаҿратә хәыҧса -200 аҧсар, арыцхә 2023. Арҕьарахьала хыхьынтә ҵаҟа ичаҧаны «Аҧсны Абанк» ҳәа аҩыра иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарра Агерб ануп.
Ареверс аҟны иаарҧшуп аҧштәы змоу атампомҳәыр ала инагӡоу асериа «Кавказ ажәларқәа рышәҵатәи рҳәаҭҳеи» афырхацәа зегьы. Асахьа арҩычагатә (адекоративтә) аҧсуа милаҭтә орнамент ала инагӡоу аҳәаақәа ирҭакуп, хыхь