Банк Абхазии
 
http://www.bankofabkhaziya.org
http://www.bankofabkhazia.org
http://www.nb-ra.org
   
 
 
   
АҦСНЫ АБАНК АДЫРРАҬАРА
 
 
     

Ҧхынҷкәын 01 2014 шықәсазы Аҧсны Абанк аҧареикәыршарахь иаланагалоит "Аҧсны иналукааша ауаа" асериала иҭыжьу «Бҕажәба Хәыхәыт Соломон-иҧа», «Воронов Иури Николаи-иҧа», «Ӡиӡариа Гьаргь Алықьса-иҧа», «Иналиҧа Шьалуа Денис-иҧа» захьӡу, 10 ҧсарк ицо араӡынтәы гәаларшәагатә монетақәа.

Араӡынтәы монетақәа «Бҕажәба Хәыхәыт Соломон-иҧа» - акаталогтә № 0110010-007, «Воронов Иури Николаи-иҧа» - акаталогтә № 0110010-008, «Ӡиӡариа Гьаргь Алықьса-иҧа» - акаталогтә № 0110010-009, «Иналиҧа Шьалуа Денис-иҧа» - акаталогтә № 0110010-010 ҭеиҭыҧшла игьежьуп, рдиаметр 39 мм иҟоуп, рхаҿытә хәыҧса 10 ҧсарк, хәызмоу аметалл акапанцқьа 31,1г, аиларҭәа ахкы 925, "Иналукааша Аҧсны ауаа" асериа.

Амонетақәа рхаҿратәи рышьҭахьтәи аганқәа рыла ихаргьежьны иаҧыҳәҳәо аҿыкәырша рымоуп.

Хыхь зыӡбахә ҳәоу амонетақәа зегьы рхаҿратә ган хыхьтәи агәҭантәи ахәҭа асаркьатә қәыҧшылараҟны Аҧсны Абанк агерб асахьа гәылганы иануп, уи аҵаҟа аҧсышәала «Аҧсны Абанк» ҳәа аҩыра ануп, агерб ахахьы ихаргьежьны иануп 10 ҧсарк ҳәа амонета ахаҿратә хәыҧса азырбо аҩырақәа, амонета арҕьарахьтәи ахәҭаҟны иануп аҧараҧҟарҭа афирматә дыргеи ахьӡынҵеи, иара убас ахимиатә елементқәа Д.И. Менделеев Ипериодикатә система аҟнытә аметалл адыргеи, аиларҭәа ахки, амонета акапани. Амонета ҵаҟатәи ахәҭаҟны исаркьаркым ақәыҧшылараҟни «Аҧсны Абанк» ҳәа шрифт ссала иану игәылгоу хә-цәаҳәакны иану аҩырақәа рҟни иарбоуп аҭыжьра ашықәс «2014».

 

ахаҿратә ган

 

Амонета «Бҕажәба Хәыхәыт Соломон-иҧа» ашьҭахьтәи аган агәҭаны иануп иеицырдыруа аҵарауаҩ-аҧсуаҭҵааҩ, абызшәадырҩы, алитературадырҩы, афольклорист Хәыхәыт Соломон-иҧа Бҕажәба ипатреҭ, апатреҭ ҵаҟатәи ахәҭаҟны анапаҵаҩра – аҵарауаҩ ифаксимиле – ануп. Ахаргьежь инаваҵаны ҵаҟа арыҕьарахь ала аҧсышәала «Хәыхәыт Бҕажәба» ҳәа аҩыра ануп. Агәҭантәи ахәҭаҿы апатреҭ аҟынтәи арымарахь ала арыцхәқәа «1914», «2000» ануп.

 

ашьҭахьтәи аган

       

Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.

Амонета ҟаҵоуп “ҧруф-лаиқ” ахаҭашьарала.

Асахьаҭыхҩы: Ҟаитан Т.Д. Аскульпторцәа: Корнилов С.А., Андронов Ф.С.

Аҭыжьырҭа: Гознак С.-Петербургтәи аҧараҧҟарҭа (СПМД)

Амонета атираж: 500 цыра.

 

Амонета «Воронов Иури Николаи-иҧа» ашьҭахьтәи аган аҿы иануп иеицырдыруа аҵарауаҩ-кавказҭҵааҩ, Аҧсны Аҳәынҭқарра иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ Иури Николаи-иҧа Воронов ипатреҭ, арыҕьарахь археологиатә ҧшаамҭақәа рсахьақәа ануп. Ҵаҟа аҵәаҕәа аладахьы ҩ-цәаҳәакны иануп аҧсышәала аҩыреи арыцхәқәеи: «Иури Воронов», «1941-1995».

ашьҭахьтәи аган

     

Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.

Амонета ҟаҵоуп “ҧруф-лаиқ” ахаҭашьарала.

Асахьаҭыхҩы: Џьапуа Б.Р. Аскульпторцәа: Корнилов С.А., Андронов Ф.С.

Аҭыжьырҭа: Гознак С.-Петербургтәи аҧараҧҟарҭа (СПМД)

Амонета атираж: 500 цыра.

 

Амонета «Ӡиӡариа Гьаргь Алықьса-иҧа» ашьҭахьтәи аган аҿы иануп иеицырдыруа аҭоурыхҭҵааҩ-кавказдырҩы, арҵаҩы, Аҧсны Аҳәынҭқарра иналукааша ауаажәларратә усзуҩы Гьаргь Алықьса-иҧа Ӡиӡариа ипатреҭ, амшын аҟәара иаҧну ашьхақәеи Зыҧсадгьыл аанзыжьуа амҳаџьырқәеи рқәыҧшылараҟны. Апатреҭ ахахьы ихаргьежьны аҿыкәырша инаваҵаны «Гьаргь Ӡиӡариа» ҳәа аҧсышәала аҩыра ануп. Акомпозициа ҵаҟатәи ахәҭаҟны ҩ-цәаҳәакны арыцхәқәа «1914», «1988», ацифра 100 ануп.

ашьҭахьтәи аган

 

Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.

Амонета ҟаҵоуп “ҧруф-лаиқ” ахаҭашьарала.

Асахьаҭыхҩы: Ӡиӡариа А.Гь. Аскульпторцәа: Корнилов С.А., Андронов Ф.С.

Аҭыжьырҭа: Гознак С.-Петербургтәи аҧараҧҟарҭа (СПМД)

Амонета атираж: 500 цыра.

 

Амонета «Иналиҧа Шьалуа Денис-иҧа» ашьҭахьтәи аган аҟны иануп иеицырдыруа аҧсуа етнограф-кавказҭҵааҩ, аҭоурыхҭҵааҩ, афольклорист, алитератураҭҵааҩ, акритик Шьалуа Денис-иҧа Иналиҧа ипатреҭ, апатреҭ ҵаҟатәи ахәҭаҟны ацифра 100 ануп. Арҕьарахьи армарахьи иануп арыцхәқәа «1914» «1995», ҵаҟа ихаргьежьны аҿыкәырша инаваҵаны аҧсышәала аҩыра ануп: «Шьалуа Иналиҧа», абшьҭратә дырга – адамыҕа – асахьа ацны.

ашьҭахьтәи аган

 

Амонета аганахьтәи ахәҭа ақәыҧшылара ҭаҧыҟҟоуп.

Амонета ҟаҵоуп “ҧруф-лаиқ” ахаҭашьарала.

Асахьаҭыхҩы: Џьапуа Б.Р. Аскульпторцәа: Корнилов С.А., Андронов Ф.С.

Аҭыжьырҭа: Гознак С.-Петербургтәи аҧараҧҟарҭа (СПМД)

Амонета атираж: 500 цыра.

 

Иҭрыжьуа амонетақәа Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы ахәшәара иазку хархәагоуп, урҭ рхаҿратә хәыҧсала урыстәылатәи амааҭқәа рыла аеквивалент ҕәҕәа рымоуп, 1 ҧсарк Урыстәылатәи Афедерациа аҧарала 10 мааҭк иаҧсоуп.

Хәызмоу аметаллқәа ирылху Аҧсны Абанк агәаларшәагатә монетақәа аиуристтә хаҿқәеи ахазхаҿқәеи иаархәар ҟалоит Аҧсны Аҳәынҭқарра акредиттә еиҿкаарақәа рҿы.

         
           
       

Аҭыӡҭыҧ: 384900, Аҟәа ақ. Леон имҩа, 14, Аҧсны Аҳәынҭқарра, БИК 224100000
аҭел: +7(840) 229-76-23 Афакс: +7(840) 229-76-22; e-mail: info@a.nb-ra.org
Copyright©2006  Аҧсны Абанк