Новости

Ажурнал «Нумизматика» аҟны икьыҧхьуп Аҧсны Абанк амонетақәа ирызку астатиа

29-11-2017 10:55

Аҭҵаарадырра-информациатә журнал «Нумизматика» №2 (42) аҟны иҭыҵит «Аҧсны Аҳәынҭқарра агәалашәаратә монетақәа» захьӡу астатиа. Астатиаҟны инарҭбааны иазааҭгылоуп Аҧсны Абанк аемиссиатә усура.

Астатиаҟны иҳәоуп агәалашәаратә монетақәа ирызку амилаҭтә џьармыкьа ашьақәгылареи аҿиареи ртәы, иаагоуп амонетақәа хәҭа-хәҭала рҟазшьарбагақәа зцу Аҧсны агәалашәаратә инвестициатә монетақәа рсериақәа рыхҳәаа. 

 

Ажурнал аелектронтә версиа ахҩылаара ҟалоит абра: ихаҭәаам ажурнал аверсиа, Аҧсны Абанк иазку астатиа.