Аҧсны Аҳәынҭқарра абанктә системала 2023 шықәсазы амааҭтә еквивалент ала имҩаҧысыз аҧаратә хархәагақәа рытрансҳәаатә еикәшара иартәеит 143,0 млрд мааҭ, ари 19,3 млрд мааҭ (15,6%) рыла еиҳауп 2022 шықәсазтәи арбагақәа раасҭа.
Абанктә системала Аҧсны Аҳәынҭқаррахь иааз аҧаратә хархәагақәа идыртәеит 70,2 млрд мааҭ, атәыла иалҵыз аҧаратә хархәагақәа – 72,8 млрд мааҭ. Абасала, аҧаратә хархәагақәа реиҭаҵра асальдо иҵоурам аҵакы аман 2,6 млрд мааҭ иаҟараны.
Аҧсны Аҳәынҭқарра абанктә системала 2023 шықәсазы иааз аҧаратә хархәагақәа реилазаара абас иҟан:
2023 шықәсазы авалиутатә шәатәы хаданы иҟоуп урыстәылатәи амааҭ, уи иартәоит атрансҳәаатә операциақәа рзеиҧш мҽхакы аҟнытә 96,2%, ЕАА рдоллар – 3,2%, иаанхаз ахәҭа – (аҭырқәа лира, евро, китатәи иуан, индиатәи рупи) – 0,6%.