Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк (Аҧсны Абанк) астатус, аусӡбатәқәа, афункциақәа, азинмчқәа, аиҿкаашьа апринципқәа, аусушьа Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциеи “Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк азы (Аҧсны Абанк азы)” ҳәа Аҧсны Аҳәынҭкарра Азакәани егьырҭ азакәанқәеи рыла иҳәаақәҵоуп.
Аҧсны Абанк аҭыҧ азалхуп Аҟәа ақалақь аҟны.
Аҧсны Абанк аҧҟаҧҵәатә капитали иарбанзаалакь уи амазареи Аҧсны Аҳәынҭкарра иахатә малуп. “Аҧсны Аҳәынҭкарра Амилаҭтә банк (Аҧсны Абанк) азы” Аҧсны Азакәан ала ишьақәыргылоу ахықәкқәеи аҧҟареи инрықәыршәаны, Аҧсны Абанк имҩаҧнагоит Аҧсны Абанк амазара амазаареи, ахархәареи, иахьаҭаху аҭыҧ ақәҵареи рзы азинмчқәа. Аҧсны Абанк абаланс иахыҧхьаӡалоу ахыбрақәа рхатәтәра ҟалом.
Аҧсны Абанк иамоу ахарџьқәа ашәоит иара ахатә хашәалахәқәа рыҟнытә.
Аҧсны Абанк иуристтә хаҿуп, иамоуп Аҧсны Аҳәынҭкарра Аҳәынҭқарратә герби иара ахатәы хьӡы зну амҳәыри.
Аҳынҭкарра Аҧсны Абанк ахыдҵақәа рзы аҭак ҟанаҵаӡом, Аҧсны Абанк акәзар – аҳәынҭкарра ахыдҵақәа рзы, убарҭ рҩыза ахыдҵақәа рымгазар, ма Аҧсны Аҳәынҭкарра азакәанқәа рыла даҽакы азҧхьагәаҭамзар.
Аҧсны Абанк аҳасабрбара адуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахадеи Аҧсны Аҳәынҭкарра Жәлар Реизареи рҿаҧхьа.
Аҧсны Абанк Ахантәаҩы амаҵура даханаргылоит, амаҵураҟнытә ихы дақәиҭнатәуеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инашьҭымҭала Аҧсны Аҳәынҭкарра Жәлар Реизара.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциеи Аҧсны Аҳәынҭкарра азакәанқәеи иарҭаз азинмчқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧсны Абанк ахатә усураҟны ихьыҧшым. Аҳәынҭқарратә мчреи анапхгараҭареи русбарҭақәеи, ахаланапхгара аҭыҧантәи русбарҭақәеи азин рымаӡам Аҧсны Абанк аусуразы закәанҧҵарала уи иаҭоу афункциақәеи азинмчқәеи рынагӡараҿы рыҽрылагалара, абри азакәан иаҿагыло аӡбарақәа рыдкылара.
Уи аусура аҽалагалара ахҭыс аан, Аҧсны Абанк убри азы адырра рнаҭоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахадеи Аҧсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизареи.
Аҧсны Абанк азин амоуп аӡбарҭақәа рахь ашшыҧхьыӡқәа ралагалара аҳәынҭқарратә мчреи анапхгараҭареи русбарҭақәеи, ахаланапхгара аҭыҧантәи аусбарҭақәеи рзинтә актқәа шьаҭаркым ҳәа разхаҵаразы.
Абри Азакәани Аҧсны Аҳәынҭқарра егьырҭ азакәанқәеи иарҭаз акомпетенциа иаҵанакуа азҵаарақәа рзы Аҧсны Абанк иҭнажьуеит аҳәынҭқарратә мчреи анапхгараҭареи русбарҭақәеи аиуристтәи хазы игоу ахаҿқәеи зегьы рзы ихымҧадатәу анормативтә актқәа.
Аҧсны Абанк анормативтә актқәа Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанқәа ирҿагылаӡом, шьҭахьлатәи амчгьы рымаӡам. Абри азакәанҧҵара аҿагылара ахҭыс аан, урҭ аҧихыр ҟалоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада, ма Аҧсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара.
Аҧсны Абанк анормативтә актқәа амч роуеит урҭ официалла ианыркьыҧхь аҽны инаркны, анормативтә акт ахаҭа аҟны даҽакы азҧхьагәаҭамзар.
Ианаҭахха ахҭысқәа раан Аҧсны Абанк анормативтә актқәа зегь неизакны ишьҭхоит иҭаҩу акредиттә еиҿкаарақәа зегь рахь ҧошьҭала, ма даҽа еимадара хкык ала.
Аҧсны Абанк анормативтә актқәа ирзашшзар ҟалоит закәанла ишьақәыргылоу аҧҟарала.
Иахәҭоу ахәшьара аҭаразы Аҧсны Абанк ахатә функциақәа рынагӡара иадҳәалоу азакәанқәа рпроектқәа, иара убас, анагӡаратә мчра аусбарҭақәа рнормативтә актқәа нарышьҭуеит Аҧсны Абанк ахь.
Аҧсны Абанк акредиттә еиҿкаарақәа ркапиталқәа аҽазрылархәӡом, азакәан ала даҽакы шьақәыргыламзар.
Аҧсны Абанк аҽаланархәыр ҟалоит аҧара-кредиттә, авалиутатә, абанктә усхкқәа рҟны аусеицура арҿиара знапы алаку жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа ркапиталқәеи русуреи рыҟны, убри ахыҧхьаӡараҿы аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рхадаратә банкқәа рыбжьарагьы.
Аҧсны Абанки аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа ркредиттә еиҿкаарақәеи реизыҟазаашьақәа шьақәыргылахоит жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәеи, Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанқәеи, иара убас абанкбжьаратә еиқәшаҳаҭрақәеи инрықәыршәаны.
Аҧсны Абанк иамоуп 500 нызқь мааҭ аҧҟаҧҵәатә капитал.
Аҧсны Абанк ахатә функциақәа рынагӡаразы, ахатә хашәалахә аҟнытә иаҧнаҵоит еиуеиҧшым ахықәкы змоу арезервқәеи афондқәеи, иара убас ахашәалахәи азарали ирыхьмырҧшыкәа, авалиутатә малқәа рыла аоперациақәа рзы аиҭахәқәҵара афонд.
Арезервқәеи афондқәеи рыҟалареи рхархәареи аҧҟара шьақәнаргылоит Аҧсны Абанк Анапхгара.