Амилаҭтә Банктә хеилак

Аҧсны Аҳәынҭқарра аҧара-кредиттә система аиӷьтәра хықәкыс иҟаҵаны, Аҧсны Абанк аҟны иаҧҵахоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада, Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыра, акредиттә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа, иара убас акспертцәа рыла ишьақәгылоу Амилаҭтә банктә хеилак.

Амилаҭтә банктә хеилак Ахантәаҩыс дыҟоуп Аҧсны Абанк Ахантәаҩы. Амилаҭтә банктә хеилак аилазаара иалоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟнытә, Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент  аҟнытә урҭ рхаҭарнакцәа аӡәа-ӡәа, иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарра Афинансқәа рминистр, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистр.  Амилаҭтә банктә хеилак егьырҭ алахәцәа раҭаразы урҭ Аҧсны Абанк Ахантәаҩы ирыдигалоит Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент ишьақәнрӷәӷәоит. Амилаҭтә банктә хеилак ахыҧхьаӡара 9-ҩык иреиҳаӡам.

Амилаҭтә банктә хеилак инанагӡоит абарҭ афункциақәа: