Новости

Ажурнал «Золотои червонец» №2 (55) 2021 ш. ианыз акьыҧхьымҭа

14-10-2022 17:00

Анумизматикатә ҭыжьымҭа «Золотой червонец» №2 (55) аҟны 2021 ш. икьыҧхьуп Аҧсны Абанк аартра иазку астатиа. Астатиа инарҭбааны иаҳәоит 2500 шықәса раахыс Аҧсны иахьаҵанакуа аикәшараҟны иҟаз аҧаратә дыргақәа реизгареи, рыҵәахреи, рыҭҵаареи, рцәыргақәҵареи ирызку амузеи ауснагӡатәқәа ртәы.

Иаагоуп антика аҟәшақәа рыҟнытә еиҧш, ҳаамҭазтәи агәаларшәагатә монетақәа – аҧсарқәа рколлекциа аекспонатқәак рыхҳәаа,.

Астатиа амузеи асахьақәа зну афотоқәа рыла еиқәыршәоуп

Уи адагьы ажурнал ацәа аҩбатәи адаҟьаҟны иануп зыхә цәгьам аметалл иалху «Аҧсны афауна», «Аҧсны афлора» агәаларшәагатә монетақәа реизгақәа.

Ажурнал адаҟьақәа рфото: