Новости

Аҧсны Абанк Гонконг Жәларбжьаратәи анумизматикатә цәыргақәҵа-џьармыкьа иалахәын

03-07-2023 14:00

Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк ҩынтәны рашәарамза 23 инаркны 25-нӡа Гонконг имҩаҧысуаз 10-тәи Жәларбжьаратәи анумизматикатә цәыргақәҵа-џьармыкьа (HKINF) иалахәуп.

HKINF – аукционтә ҩынқәа, акредиттә еиҿкаарақәа, 40 тәыла ((Британиа ду, Австралиа, Франциа, ЕЕА, Иапониа, Иорданиа уҳәа) рыҟнытә хазхаҭалатәи аколлекционерцәа еидызкыло Азиа имҩаҧысуа нумизматикатә хҭыс дууп. 

Амилаҭтә банк астенд аҟны ицәырган Аҧсны аҳәынҭқарратә дырга, агәаларшәагатә монетақәеи абанкнотқәеи, англыз бызшәала иҭыжьу аӡыргаратә цәыргақәҵаратә материалқәа системала еизаку Аҧсны Аҳәынҭқарра агәаларшәагатә монетақәеи абанкнотқәеи ркаталог.

Еиҳа зҿлымҳара роуит Аҧсны Абанк агәаларшәагатә банкнотақәа «Владислав Арӡынба», «25 аҧсар». Урҭ 30 тәыла рыҟнытә аколлекционерцәа иаархәеит. Азыҳәара ду ирымаз ала, иахьагьы, ацәыргақәҵа анхыркәшаха ашьҭахьгьы аҭахҳәагақәа аара иаҿуп.

Аҧсны Абанк иааиҧмырҟьаӡакәа Жәларбжьаратәи анумизматикатә цәыргақәҵақәа,

Аконференциақәа ирылахәуп, Европа, ЕЕА, Азиа ихадароу анумизматикатә ҭыжьымҭақәа рыҟны акьыҧхьымҭақәа анылоит.

Иахьа иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа ала, арикоуп егьырҭ атәылақәеи, абанкқәеи, амонеттә шҭақәеи инарываргыланы ихьыҧшым зхы иақәиҭу аемиссиатә центр аҳасабала аҿахәҳәаразы лшарас иҟоу.

Азиатәи арегион Амилаҭтә банк азы иҿыцу хырхарҭаӡам, 2018 шықәсазы аџьармыкьаҟны ацәырҵра ҧыжәара змаз уснагӡатәны иқәгылазҭгьы, 2023 шықәсазы Аҧсны Абанк ихьыҧшым, зҿлымҳара змоу алахәҩы аҳасабала иқәгылеит.

Азиатәи аџьармыкьа – лассы зыҿиара мҩаҧысуа, аҭира дуқәа змоу акрызҵазкуа нумизматикатә ҭыҧуп. Ари аҧсуа монетақәа рыларҵәара аганахьала азҿлымҳара ду амоуп.

Ас еиҧш иҟоу аусмҩаҧгатәқәа Аҧсны Абанк аусура амҽхак арҭбааразы, аустә еимадарақәа рышьақәыргаларазы лшара бзиоуп.

Ҷыдала, гонконгтәи ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны амонетатә шҭақәеи аукционтә ҩынқәеи рыҟны аиқәшаҳаҭрақәа шьақәыргылоуп, аустә усеицурагьы хацыркуп..