Новости

2022 шықәса актәи ашықәсбжазы Аҧснынтәи ауаҩытәҩсатә хаҿқәа рҧаратә аиагамҭақәа идыртәеит 4,4 млрд мааҭ

09-09-2022 13:03

2022 шықәса 1-тәи азбжазы Аҧсны Аҳәынҭқарраҟнытә ааигәеи наскьа атәылақәеи рахь аҧаратә аиагамҭақәа рсистемақәа рыла («Contact», «Золотая Корона», «ИУнистрим») ииаган 4 362,6 млн мааҭ, ари 31% рыла еиҳауп абри аамҭа 2021 шықәса иаҿырҧшны ҳахәаҧшуазар.

Атәыла иалгоу аҧаратә аиагамҭақәа реилазаараҟны Урыстәылатәи Афедерациахь  ииагаз ахәҭааҟны иҟоуп – 3 295,4 млн мааҭ мамзаргьы 75,5%. Абжьаратәи Азиахь 2022 шықәса 1-тәи азбжазы ииагоу амҽхак иартәеит 662,9 млн мааҭ. (15,2% азеиҧш еицҵалыҵ аҟнытә), ари 296,9 млн мааҭ мамзаргьы 81,1% рыла еиҳауп 2021 шықәса иаҿырҧшны. Убри аан, ахәҭаа хада иаҵанакуеит Узбекисҭанҟа ииагоу аиагамҭақәа -  – 467,1 млн мааҭ. (10,7%), Ҭаџьыкисҭан – 191,4 млн мааҭ. (4,4%). Иара убас аԥаратә ииагамҭақәа рымҽхак акыр идууп Ҭырқәтәылаҟа ииагоу – 320,9 млн мааҭ мамзаргьы аҧхьаӡамҭақәа раартрада ауаҩытәҩсатә хаҿқәа риагамҭақәа рзеиҧш шәагааҟнытә 7,4%.

Иааизакны, Аҧсны Аҳәынҭқаррахь аҧаратә еиҭагамҭақәа рсистемала аҧхьаӡамҭақәа раартрада ауаҩытәҩсатә хаҿқәа иҟарҵаз апаратә еиҭагамҭақәа рымҽхак 2022 шықәса 1-тәи азбжазы иартәеит 242,2 млн мааҭ, абри аамҭазы 2021 шықәса иаҿыр ҧшны 77,2 млн. мааҭ рыла мамзаргьы 24,2%. еиҵахеит  

Аҧсны Аҳәынҭқаррахь иаланагалаз аиҭагамҭақәа иреиҳау рыкапанхәҭа иартәоит Урыстәылатәи Афедерациҟнытә иааз – 223,1 млн. мааҭ мамзаргьы 92,1%.

Ашәатәтәы система аилазаараҟны еиҳа ҧыжәара рымоуп «Contact» асистемала имҩаҧгоу аиагамҭақәа, урҭ рыхәҭаа иаҵанакуеит Аҧснынтәи имаҩаҧгоу 89,8% аҧаратә ииагамҭақәа, иара убас иалало аҧаратә иагамҭақәа рымҽхак аҟнытә 34,5%. Убри аан ашәатәтәы система «Золотая Корона» аҧыжәаратә позциа шамоу иаанхоит Аҧсны Аҳәынҭқаррахь иалагалоу аиагамҭақәа рзы – 59,6% иалало аиҭагамҭақәа рзеиҧш еицҵалыҵ аҟнытә.

2022 шықәса 1-тәи азбжа аҩныҵҟала ауаҩытәҩсатә хаҿы Аҧснынтәи иишьҭыз аиагамҭак абжьаратәи аицҵалыҵ иартәеит 33,4 нызқь мааҭ, убри аан иалало аиагамҭа абжьаратә еицҵалыҵ иартәоит – 22,2 нызқь мааҭ.