Аҧсны Абанак 22.06.2022ш. аҟн. №61-ОД Адҵа ала Ахәқәҵаратә икоммерциатәым акредиттә еиҿкаара «АграА Гәыҧ» (зҭакҧхықәра ҳәаақәҵоу ауаажәларра) 2019 ш. жьҭаарамза 15 аҟн. №025 абанктә операциақәа рынагӡаразы алицензиа амхуп.
АИАЕ «АграА Гәыҧ» (ЗҲӘА) Аҧсны Абанк ала алицензиа амхуп “Абанкқәеи абанктә усуреи рзы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭаҷ 24 инақәыршәаны азинмч змоу акредиттә еиҿкаара аусбарҭа аусура аанкыларазы иаднакылаз азыӡба инамаданы аҧыхра аҧҟарала Аҧсны Аҳәынҭқарра Атәылауаҩратә закәанеидкыла ахәҭаҷ 61 инақәыршәаны, Аҧсны Абанк ашҟа иашьашәалоу азыҳәара анашьҭра ала.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Атәылауаҩратә закәанеидкыла ахәҭаҷ 61 инақәыршәаны, АИАЕ «АграА Гәыҧ» (ЗҲӘА) иазаҧҵахоит аҧыхратә комиссиа (аҧыхҩы).