Новости

Агәаларшәагатә банкнота «Владислав Арӡынба» ацәыргақәҵара

03-10-2018 13:22

Цәыббрамза 29 рзы Аҧсны Абанк аҟны имҩаҧысит 1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра 25 шықәса ахыҵра иазкыз раҧхьатәи агәаларшәагатә банкнота «Владислав Арӡынба» ацәыргақәҵара инамаданы апресс-конференциа.

Апресс-конференциа иалахәын:

  • Аҧсны Абанк Ахантәаҩы Бараҭелиа Беслан Владислав-иҧа;
  • Аҳәынҭдырга ахаҭарнакцәа – Павлов Игорь Уасил-иҧа, аалыҵ ҿыцқәа разырхиаразы адиректор ихаҭыҧуаҩ; Шишкин Николаи Виктор-иҧа – аексперт напхгараҭаразы иналукааша аспециалист;
  • Абанкнотоа аексиз асахьаҭыхҩцәа, авторцәа – Џьапуа Баҭал Рушьни-иҧа, Ҟаитан Ҭемыр Давид-иҧа;
  • Аҭоурыхдырҩы-анумизмат, аҧсны Абанк аконсультант – Ҭаниа Асҭамыр Гьаргь-иҧа.

Ахҭыс афоторепортаж: