Новости

Ажәбатәи Жәларбжьаратәи Аконференциеи Амонетақәа Coins-2018 рцәыргақәҵеи

11-11-2018 16:09

Абҵарамза 2 - 4 Москва ақалақь аҟны имҩаҧысит Ажәбатәи Ажәбатәи Жәларбжьаратәи Аконференциеи Амонетақәа Coins-2018 рцәыргақәҵеи. Уи иалахәын абанк хадақәеи акоммерциатә банкқәеи, адунеи амонетатә шҭа дуӡӡақәа, аукционтә ҩнқәа, иҷыдоу аҭыжьырҭақәа.

Аконференциа аҩбатәи асессиа «Адизаини амонетақәа ртехнологиеи: аҭыжьраҟны арҿыцрақәа» далахәын Аҧсны Абанк адәныҟатәи аимадарақәа рмаҵзура аиҳабы   Лиана Агрба. Иҟалҵаз ажәахә «Аҧсны Аҳәынҭқарра агәаларшәагатә монетақәеи абанкнотақәеи»  аҟны лара инарҭбааны Аҧсны Абанк аемиссиатә усура атәы дахцәажәеит. 

Ахҭыс афоторепортаж: