Новости

Акарта АҦРА “World” зку рзы иаартуп амаҵзуразы ахырхарҭа ҿыцқәа

14-12-2020 15:12

2020 шықәсазы Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә шәатәтәы система 2018 шықәса ҧхынгәымза 11 аҟнытә иаҵаҩу «Ашәатәтәы системақәа русеицуразы» аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны АШӘС АҦРА-еи Акционертә Уаажәларра «АКРС»-и имҩаҧыргеит акарта АҦРА АУ«АКРС» ахархәара агеографиа арҭбааразы аусура. Аусура, ҷыдала, иазкын амилаҭтә картақәа АҦРА «World» алахәылатә шәатәтәы система атәылақәа рыҟны, Ашәатәтәы система «Мир» аинфраструктураҟны адкылара аиҿкаара.    

Амилаҭтә шәатәтәы карта АҦРА “World” ахархәара агеографиа арҭбаара хықәкыс иҟаҵаны, Акционертә Уаажәларра «АКРС» аҧхьаҟатәи аусацура анагӡараан -  Ареспублика Беларусиа, Ареспублика Узбекисҭан, Ермантәыла имҩаҧган аҧышәа –   акроссистематә операциақәа рааглыхратә хархәара (анаҩс АО АКО). АО АКО  рҳәаақәа ирҭагӡаны қәҿиарала имҩаҧгоуп автортәра, клиринг, Амилаҭтә шәатәтәы система АҦРА ала аиҩызаратә шәатәтәы системақәа рбанкқәа ринфраструктурақәа рыҟны инагӡоу аоперациақәа рзы аҧхьаӡарақәа.

Ҳазҭагылоу аамҭа инаркны амилаҭтә картақәа АҦРА «World» рыдыркылоит Урыстәылатәи Афедерациа, Ареспублика Беларусиа, Ареспублика Узбекисҭан, Ермантәыла – ашәатәтәы система «МИР» аларҵәара змоу ашәатәтәы инфраструктурақәа рыҟны.

Амилаҭтә шәатәтәы карта АҦРА “World” ахархәара агеографиа арҭбаара иазку аусура иацҵахоит, хара имгакәа АҦРА акартақәа рхархәара алшо иҟалоит Ареспублика Киргизиеи Ареспублика Ҭаџьыкисҭани.

Акарта АҦРА “World” зку 2020 шықәсазы имҩаҧыргеит аоперациақәа Урыстәыла ақалақьқәа 144 рыҟны, убрахь иналаҵаны Санкт-Петербург, Воронеж, Новосибирск, Ростов-на-Дону, Волгоград, Астрахан, Пенза, Екатеринбург, Омск, Перм, Сургут, иара убас УА анҭыҵ - Ереван, Минск, Ташкент.

Еиҳа акартақәа рхархәара ахьыҟоу қалақьқәаны иазгәаҭоуп Шәачеи Москвеи.

Акартақәа рхы иахьадырхәо еиҳа инахароу қалақьуп Владивосток.