Новости

Аҧсны Абанк амонетақәа Аҳәынҭқарратә ҭоурыхтә музеи аҟны

16-12-2020 14:12

Аҧсны Абанк Аҳәынҭқарратә ҭоурыхтә музеи ҳамҭас ианаҭеит Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа 75 шықәса ахыҵра иазку агәаларшәагатә монета «Аиааира 75 шықәсахыҵра».

Амонета ахаҿратә ган аҟны хархәара амоуп «Ан» ҳәа хьӡыс измоу, 1942 ш. Севастополь амҵан фырхаҵарыла иҭахаз лыҷкәын Алеқсеи Аршба ифотосахьа знапаҿы изку аҧсуа ҧҳәыс Марушьа Ԥачлиа лхаҿсахьа зну арратә фоторепортиор С. Коротков иҭыхымҭа. Амонета атираж 100 екземплиарк ыҟоуп.

Урыстәыла Амилаҭтә ҭоурыхтә музеи ду аколлекциаҟны иҵәахуп ари адагьы Аҧсны Абанк иҭнажьыз амонетақәа – «Аҧсуа ҿцәа шәҩыуаа», «Алеқсандр Чачба», иара убас раҧхьатәи агәаларшәагатә банкнота «Владислав Арӡынба».

«Аҳәынҭқарратә ҭоурыхтә музеи  — Москва Ашҭа ҟаҧшь аҟны иҟоу Урыстәыла амилаҭтә ҭоурыхтә музеи ду ауп. Уи аҧҵан 1872 шықәсазы. Аҳәынҭқарратә ҭоурыхтә музеи анумизматика аҟәша иҵәахны иамоуп 1,7 млн. маҭәар инареиҳаны. Аизгақәа шьаҭас ирымоуп аколлекциақәа рхаҭәаашьала зеиҧш ыҟам урыстәылатәи аҧареикәшара абаҟақәа рколлекциақәа.