Новости

Амилаҭтә шәатәтәы система (АҧРА) аҟны 2023 шықәсазы аоперациақәа рымҽхак жәымз рыла иартәеит 26,3 млрд. мааҭ.

07-11-2023 11:03

2023 шықәсазы Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны жәымз рыҩныҵҟала абанктә картақәа зку иҟарҵаз атранзакциақәа рзеиҧш мҽхакы иартәеит 26,3 млрд мааҭ. 2022 шықәсазы абри аамҭахҵәаха иаҿырҧшны аоперациақәа рзеиҧш мҽхакы иазҳаит 16% (3,6 млрд) рыла. Инагӡоу атранзакциақәа реилазаараҟны «АҧРА» акартақәа рыхәҭаа иартәеит 38,4%, ашәатәы система «Мир» акартақәа - 33,5%, жәларбжьаратәи ашәатәы система – 28,1%.

2023 ш. урыстәылатәи абанктә картақәа рыла АШӘС «АҧРА» аҟны аоперациақәа рымҽхак иазҳаит 22,6% (3,0 млрд мааҭ.) иагьартәеит 16,1 млрд мааҭ. Убри аан «Мир» акартақәа рыла ашықәс алагамҭа инаркны инагӡан   аоперациақәа 8,8 млрд мааҭ рыхә, ари 2022 ш. арбагақәа раасҭа 74,8% (3,8 млрд мааҭ) рыла еиҳауп.

2023 шықәсазы жәымз рыла абанктә картақәа рыла Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны атауари амаҵзурақәеи ирыхшәаан 9,9 млрд мааҭ., ари 125% рыла еиҳауп ҵыҧхтәи ашықәс абри аамҭазтәи арбагақәа раасҭа (4.4 млрд руб.).

2023 шықәсазы жәымз рыҩныҵҟа АҧРА «World» абанктә картақәа Аҧсны Аҳәынҭқарра анҭыҵ изку инарыгӡаеит 78 млн мааҭ рыхә, ари 24 млн мааҭ рыла еиҳауп ҵыҧхтәи ашықәс азы аасҭа.

Ашәатәы система «Мир» акартақәа рыҟнытә «АҧРА» акартақәа рахь атрансҳәаатә еиҭагарақәа рымҽхак аҳасабырбатә аамҭазы иартәеит 189 млн мааҭ.  (90,9% рыла еиҳаны 2022 ш. аасҭа).

АШӘС «АҧРА» иалахәу абанкқәа рыла зыӡбахә ҳәоу аамҭазы ишьақәыргылоуп 536 POS терминали 25 АТМ - банкомати. 2023 шықәса жьҭаарамза 1 азы АШӘС «АПРА» атерминалтә инфраструктура иартәеит ҧшьнызқь инареиҳаны мыруга.