Новости

Амонетақәа рзы жәларбжьаратәи аицлабраҟны Аҧсны Абанк амонета аҧхьахә агеит

30-10-2023 11:45

Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк иҭнажьыз агәаларшәагатә монета «Афон ҿыц»    XVII жәларбжьаратәи аицлабра «Амонетақәа реҵәаџьаа» аҟны «Иоригиналтәу атехнологиа» аноминациала ахҧатәи аҭыҧ ааннакылеит.

«Амонетақәа реҵәаџьаа» –  Урыстәыла иахьаҵанакуа зеиҧш ыҟам, адунеи аҿы зыхьӡгьы рылаҵәахьоу жәларбжьаратәи амонетақәа реицлаброуп. Аицлабра аиҿкааҩыс иамоуп  – Аҭыжьырҭа ҩны «Уотер Марк».

2023 шықәсазы «Амонетақәа реҵәаџьаа» алахәцәа рыҩныҵҟа иҟоуп 18 тәыла рахьтә алахәцәа 23-ҩык: ART MINT (Франциа), CIT Coin Invest AG, Лихтенштеин, Венгриатәи амонетатә шҭа, Италиатәи амонетатә шҭа, Downies - Австралиа, Нидерландиа Акралтә монетатә шҭа, Литватәи амонетатә шҭа, Бельгиа амонетатә шҭа, Швеицариа афедералтә монетатә шҭа, УА Абанк хада, Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк, Еллинтәыла Амонетатә шҭа уҳәа уб.егь.

Аиааира згаз алыркаауеит амузеи дуқәа, аукционтә ҩнқәа, анумизматикатә уаажәларрақәа, акоммерциатә банкқәа, амонетақәа рзы иҷыдоу аҭыжьымҭақәа рыспециалистцәа рыла ишьақәгылоу апрофессионалтә жиури. 

«Иоригиналтәу атехнологиа» аноминациаҟны иқәыргылоу амонетақәа рыхә шьан анагӡашьа ахаҭабзиарала, иҷыдоу атехнологиақәа рхархәаралаа, даҽакы иаламҩашьо аматериал ахархәарала, иара убас иалкаау атехнологиатә ӡбамҭақәа атема аарҧшра ишацхраауала.

Амонета «Афон ҿыц» - асериа «Аҧсны Аҳәынҭқарра аҭыҧ ҧшӡарақәа» иаҵанакуа амонетақәа хәба ируакуп. Амонета шьақәгылоуп аҧшшәы змоу аполиграфиатә сахьа зну акомпозиттә материал «Пламет» иалху аҩныҵҟатәи адиски алиумини еиларҭәа иалху изаҷу адәахьтәи адиски рыла.


Ссылка на электронную версию диплома здесь