Новости

Амилаҭтә шәатәтәы система «АҦРА» ахаҭарнакцәа ИАР атәылақәа рмилаҭтә шәатәтәы системақәа рхадацәа Ахҧатәи русуратә еиҧылара иалахәын

19-06-2019 13:17

Амилаҭтә шәатәтәы система «АҦРА» ахаҭарнакцәа ИАР атәылақәа рмилаҭтә шәатәтәы системақәа рхадацәа Самарканд ақалақь аҟны рашәарамза 13 инаркны 15-нӡа имҩаҧысуаз Ахҧатәи русуратә еиҧылара иалахәын.

Анагӡаратә директор Леон Ҧлиа иқәгылараҟны иҳәеит Аҧсни Урыстәылеи Рмилаҭтә  шәатәтәы системақәа «АҦРЕИ» «Мири» реидҵара амҩаҧысшьеи амилаҭтә картақәа зку ирзаатуа алшарақәеи ртәы. Иазгәаҭан, 2019 шықәса ҧхынгәымза аҩныҵҟала ишазҧхьагәаҭоу амилаҭтә шәатәтәы система «АҦРА» ахаҭалатәра ацентр аус адулара шхыркәшахо.

Амилаҭтә шәатәтәы системақәа рҿаҧхьа уснагӡатә хаданы иқәгылоуп иаку ашәатәтәы наӡааӡара аҧҵара. Уа асистемабжьаратә усеицура иалахәу атәылақәа зегьы ринфраструктурақәа рыҟны амилаҭтә картақәа наҟ-ааҟ рыдкылара алыршахоит.

Имҩаҧысыз аиҧылара алҵшәа хаданы иҟалеит амилаҭтә шәатәтәы мыругақәа рыҿиара иазку аексперттә хеилак аҧҵара. Аилак хықәкыс иаиуеит иаку ашәатәтәы наӡааӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны асистемабжьаратә усеицура аиҧырҟьара алмыршара.