Новости

Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент Ақәҵара аднакылеит «Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк (Аҧсны Абанк) ашықәсазтәи (2018 ш.) аҳасабырбазы»

06-06-2019 10:15

2019 шықәса рашәарамза 3 рзы Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент асессиаҟны Аҧсны Абанк Ахантәаҩы Бараҭелиа Б.В. «2018 шықәсазтәи Аҧсны Абанк Ашықәсазтәи аҳасабырба» ҟаиҵеит.

Бараҭелиа Б.В. дрылацәажәеит 2018 шықәсазтәи Аҧсны Абанк аусура арбага хадақәа, аекономика иазку абанктә ҟәша аусура алҵшәақәа, Аҧсны Аҵәахырҭатә банк аусурагьы уахь ианалаҵаны, иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә шәатәтәы система «АҦРА».аусура алҵшәақәа ртәы.

Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа 2018 шықәсазтәи Аҧсны Абанк Ашықәсазтәи аҳасабырба шьақәдырҕәҕәеит. АА Апарламент иаднакылеит «2018 шықәсазтәи Аҧсны Абанк Ашықәсазтәи аҳасабырбазы» ақәҵара.

Аҧсныпресс: "Амилаҭтә банк иаҳхысыз ашықәсазтәи аусуразы аҳасабырба ҟанаҵеит".