Новости

АҧРА инанагӡоит урыстәылатәи абанкқәа ркартақәа рыҟнытә АҧРА «World» акартақәа рышҟа аиагара иазку амаҵзура

25-10-2021 00:00

Амилаҭтә шәатәтәы система «АҧРА» АУ «АКРС» (ашәатәтәы система «Мир» аоператор) русеицурала акарта «Мир» аҟнытә акартақәа АҧРА «World» ашҟа амҩаҳәаатә еиҭагарақәа (P2P) рынагӡара алзыршо амаҵзура қәҿиарала агәаҭара  мҩаҧгоуп.

Амаҵзура иалнаршоит иарбанзаалак абанк – ашәатәтәы система «АҧРА» алахәҩы акарта ашҟа аиагарақәа рымҩаҧгара.

Ҳазҭагылоу аамҭазы ихыркәшахоит абри амаҵзура алагалара апроцесс, аусура мҩаҧысуеит ари амаҵзура назыгӡо урыстәылатәи абанкқәа реиқәыҧхьаӡа арҭбааразы.