Новости

2021 шықәсазы Аҧсны Аҳәынҭқаррахь аҧаратә хархәагақәа рааира иартәеит 51,5 млрд мааҭ.

10-02-2022 18:00

2021 шықәсазы Аҧсны Аҳәынҭқарра абанктә системала амааҭ еквивалент ала Аҧаратә хархәагақәа рытрансҳәаатә еикәшара иартәеит 97,6 млрд мааҭ. Ари 35,6 млрд мааҭ (57%) рыла еиҳауп 2020 шықәса арбагақәа раасҭа.

Абанктә системала Аҧсны Аҳәынҭқаррахь аҧаратә хархәагақәа рааира иартәеит  51,5 млрд мааҭ, атәыла иалҵуа аҧаратә хархәагақәа - 46,1 млрд мааҭ. Абасала аҧаратә хархәагақәа реиҭаҵра асальдо иҵоуроу аҵакы рыман 5,4 млрд мааҭ.

 Абанктә системала Аҧсны Аҳәынҭқаррахь иааиуа аҧаратә хархәагақәа реилазаара:

  • Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны акредиттә еиҿкаарақәа рыҟны иаарту аиуристтәи, ХА-еи, ауаҩытәҩсатәи хаҿқәа рыҧхьаӡамҭақәа рахь – 28,9 млрд мааҭ;
  • АШӘС “АҦРА” аинфраструктураҟны урыстәылатәи абанктә картақәа зку роперациақәа – 13,6 млрд мааҭ;
  • Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциалтә-економикатә ҿиара, абиуџьеттә инвестициақәа адгылара рыҭара, убас егь. хықәкыс иҟаҵаны Аҧсны Аҳәынҭқарра абиуџьет иахыҧхьаӡалахо урыстәылатәи афинанстә цхыраара - 5,2 млрд мааҭ;
  • Урыстәылатәи атәанчахәқәа рааира – 3,8 млрд мааҭ.

2021 шықәсазы ашәатәы азы валиута хаданы иаанхоит урыстәылатәи амааҭ, уи иазкхоит атрансҳәаатә операциақәа рзеиҧш мҽхакы аҟнытә 89,2%, ЕАА рдоллар – 6,9%, евро – 3,4%, егьырҭ – (иапониатәи иена, китатәи иуань, аҭырқәа лира) – 0,5%.

2020 шықәсазы аҧаратә хархәагақәа реиҭаҵра асальдо иҵоуроу аҵакы рыман 2,2 млрд мааҭ. (ааира – 32,1 млрд мааҭ., иалҵуа – 29,9 млрд мааҭ.).