Новости

Аҧсны Абанк иақәыз 700 миллион мааҭ акредит ашәеит

30-06-2020 13:47

Аҧсны Абанк 2010 шықәса жьҭаармза 10 аҟн. №0001 Аиқәшаҳаҭрала иаиуз 700,0 млн мааҭ акредит ашәара хнаркәшеит.  

Акредит агара ҿҳәарас иаман 10 шықәса, 2010 шықәса нанҳәамза 6 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны.

Акредит азы ауал хада ашәара мҩаҧысуан 2014 шықәса инаркны. Ҳазҭоу ашықәс рашәарамзазы имҩаҧгоуп аҵыхәтәантәи ашәатәтәы 91,6 млн мааҭ акредит арцәаразы. Иара убас акредиттә еиқәшаҳаҭра аус ауанаҵы Аҧсны Абанк иашәеит апроцентқәа рзы 131,3 млн мааҭ.