Новости

2020 шықәса актәи ашықәсзбжазы абанктә картақәа рыла иаужьуп 6,2 млрд мааҭ

16-07-2020 16:32

2020 шықәса актәи ашықәсзбжазы Аҧсны адгьылҵакыраҟны абанктә картақәа зку имҩаҧыргаз аоперациақәа рзеиҧшеицҵалыҵ иартәеит   7,132 млрд мааҭ. Абасала, амилаҭтә шәатәтәы система АҦРА ашәатәтәы инфраструктура ала имҩаҧгаз атранзакциақәа рымҽхак  ҵыҧхтәи ашықәс иаҿырҧшны ҳахәаҧшуазар, иазҳаит 13,7% рыла, 861 млн мааҭ рыла.  Имҩаҧгаз аоперациақәа рыҩныҵҟа акарта АҦРА ала иартәеит  63,3%, ЖӘАС (Жәларбжьаратәи ашәатәтәы система) акарта ала – 31,4 %, акарта «Мир» – 5,3%.

Урыстәылатәи абанктә картақәа рыла АШӘС АҦРА аҟны 2020 шықәса актәи ашықәсзбжазы ҵыҧхтәи ашықәс иаҿырҧшны ҳахәаҧшуазар, аоперациақәа  рымҽхак иазҳаит 36,2% (694 млн мааҭ.) иагьартәеит 2,616 млрд мааҭ. Иара убас «Мир» акартақәа рыла ашықәс алагамҭа инаркны имҩаҧган аоперациақәа 377 млн мааҭ рыхә.    

2019 ш. жьҭаарамза инаркны амилаҭтә шәатәтәы система АҦРА абанкқәа-алахәцәа иҭрыжьуа иалагеит АҦРА акартақәа «World» Аҧсны Аҳәынҭқарра анҭыҵ аоперациақәа рымҩаҧгаразы алшара аҭаны. 2020 шықәса актәи ашықәсзбжазы АҦРА акартақәа «World» зку аҳәаанырцә имҩаҧыргеит аоперациақәа 21,03 млн мааҭ рыхә.

2020 ш. фымзтәи аихшьалақәа рыла абанктә картақәа рыла атауарқәеи амаҵзурақәеи рыхәҧса ашәаразы напынҵадатәи аоперациақәа рымҽхак иартәеит 943 млн мааҭ. ЖӘАС акартақәа рыла ареспублика ахәаахәҭра-маҵзуратә наплакқәа рыҟны ахәшәара мҩаҧгант 737 млн мааҭ рыхә, акарта АҦРА «Мир» зку имҩаҧыргаз напынҵадатәи аоперациақәа рзеиҧшеицҵалыҵ иартәеит 102 млн мааҭ.

Акартақәа рыла напынҵадатәи аоперациақәа 2020 ш. фымзтәи аихшьалақәа рыла рзеиҧшеицҵалыҵ иартәеит  104 млн мааҭ, ҵыҧхтәи ашықәс иаҿырҧшны ҳахәаҧшуазар уи 2-нтә еиҳаны иазҳаит. Бжьаратәла АҦРА акартақәа зку рхәаахәҭрақәа рзеиҧшеицҵалыҵ иартәеит 568 нызқь мааҭ.

Убри аангьы АҦРА аинфраструктура ала ҳазҭоу ашықәс ҩ-кварталк рыҩныҵҟала абанктә картақәа зку аҧарахь ииаргеит 6,189 млрд мааҭ. Абасала, напынҵалатәи аҧаратә хархәагақәа рылхра бжьаратәла рырбага мызкы 1 млрд мааҭк еиҳауп. 

2020 шықәсазы АҦРА АШӘС ашәатәтәы инфраструктура иазырҳан 161 POS-терминалтә мыруга рыла. Зынӡа Аҧсны иахьаҵанакуа атауари амаҵзурақәеи рыҭирҭақәа рыҟны ишьақәыргылоуп  абанктә картақәа рыдкыларазы 2090 терминал.