Новости

Аҧсны аҵакырадгьыл аҟны иазҳауеит pos-терминалқәа рхыҧхьаӡара.

15-08-2016 14:49

Аҧсны Аҳәынҭқарра ахәаахәҭра-маҵзуратә наплакқәа 600 инареиҳаны рҟны ахәшәарахь ирыдыркыло иалагеит абанктә хсаалагақәа.

2015 шықәса алагамҭа инаркны ААС “АҦРА” аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуа иалагеит ахәаахәҭратә екваиринг апроцедура. Уи иазҧхьагәанаҭоит аусурақәа, атауарқәа, амаҵзурақәа рзы ахәшәаратә хархәагақәа раҳасабала абанктә хсаалагақәа рыдкылара. Ари апроект иалахәуп атәыла акоммерциатә банкқәа зегьы. 2016 шықәса нанҳәамза алагамҭазынӡа Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҭаҩын 600 инареиҳаны pos-терминалтә хархәагақәа. Есыҽны атерминалтә каҭа “АҦРА” ала имҩаҧысуеит 2,5 млн мааҭ аҧареицҵа еиҳаны аахәарақәа, ашықәс алагамҭа инаркны ахәаахәҭра-маҵзуратә наплакқәа рҟны имҩаҧгоу аоперациақәа ракәзар, урҭ ршәагаа 200 млн мааҭ иреиҳауп.